Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьоуа: ацәаӷәаразы иҟаз ауадаҩра ду аԥыхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион амашьына-технологиатә станциа аиҳабы Виачеслав Шьоуа арадио Sputnik аҟны иҳәеит ацәаӷәаразы иҟаз ауадаҩрақәа аԥыхуп ҳәа.

Шьоуа: ацәаӷәаразы иҟаз ауадаҩра ду аԥыхуп
"Очамчыра араион 27 қыҭа ыҟоуп, урҭ зегьы 14 техника рыла ацәаӷәара ахьӡара уадаҩын. Ишыжәдыруа еиԥш, атехника  ҿыц Урыстәылантәи иаҳзааит. Иҳамоуп иҿыцу атракторқәа жәаба. Арҭ амшқәа рзы ҳаҿуп реибыҭара, реиқәыршәара. Ацәаӷәара аамҭа цахьеит, аха иааиуа ааԥын иаҳзааргаз аҿыцқәа рнаҩсгьы иҳамаз атракторқәагьы еиқәыршәаны иҳаргыларц ҳгәы иҭоуп.  Ацәаӷәаразы иҟаз ауадаҩра аԥаҳхит.  Маҷк џьара еиҵахарк ҟаларгьы, иара иҟаз ауадаҩра ду аԥыхуп", — иҳәеит Виачеслав Шьоуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0