Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цкәуа ашьапылампылтә турнир иазкны: иалахәыз зегьы ргәалаҟара шьҭаҳхыр ҳҭахын

© Sputnik / Томас ТхайцукМихаил Цкуа
Михаил Цкуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Цкәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Афон Ҿыц ахәыҷқәа рыбжьара ашьапылампыл азы жәларбжьаратәи атурнир шымҩаԥысыз.

Цкәуа ашьапылампылтә турнир иазкны: иалахәыз зегьы ргәалаҟара шьҭаҳхыр ҳҭахын
"Актәи аҭыԥ ааныркылеит Ростовтәи ашьапылампыл асыҩцәа, аҩбатәи — Москватәи агәыԥ, ахԥатәи — Гаграа. Сынтәа аҳамҭақәа ранашьара ҟаҳҵеит абас:  ахьтәы, араӡынтә, аџьазтә финал ҳәа. Ахәыҷқәа аицлабра иалахәыз зегьы ргәалаҟазаара шьҭаҳхыр ҳҭахын, актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥкәа рнаҩсгьы ахраҿақәа раҳҭеит. Москва, Луганск, Ростов рҟынтәи иааҳзааз ахәыҷқәеи ҳшьапылампыл асыҩцәеи еибадырит. Даргьы уа имҩаԥырго аицлабрақәа рҟны Аԥснынтәи ахәыҷқәа ирзыԥшуп. Ас еиԥш атурнирқәа мҩаԥаагалароуп, ҳара ҳшьапылампыл асыҩцәа қәыԥшцәа ҳтәыла анҭыҵ ицалароуп, рԥышәа еиздырҳауеит. Ҳаԥыхьа ари атурнир аҽалархәразы иаҳзаауа агәыԥкәа иаҳа ирацәахоит ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Цкәуа.

Гиви Смыр игәалашәара иазку ашьапылампыл азы жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуан Афон Ҿыц ԥхынгәы 20 инаркны 25-нӡа. Еицлабуан 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз ахәыҷқәа рыла ишьақәгылоу акомандақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0