Очамчыра араион аҿы ашкол ҿыцқәа ҩба аадыртраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола. Архивное фото
Школа. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа Sputnik аинтервиу анаиҭоз иҳәеит араион аҿы рыргылара ишаҿу ашкол ҿыцқәа ҩба.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа Sputnik аинтервиу анаиҭоз иҳәеит Ҭхьынеи Аҽгәареи рҿы рыргылара ишаҿу ашкол ҿыцқәа ҩба.

"Ҳраион иаҵанакуа ашколқәа реиҳарак аиҭашьақәыргылара рҭахны иҟоуп. Иахьатәи аамҭазы Ҭхьына ақыҭаҿ ашкол ахыбра шьаҭанкыла аргылара иаҿуп", — иҳәеит иара.

Феликс Џьынџьиа иажәаәқа рыла, аргылаҩцәа русура ҳаамҭа иақәшәо имҩаԥыргоит.

Пресс-конференция заместителя министра образования и науки РА, Дмитрия Гварамия на АГТРК - Sputnik Аҧсны
Калдахәаратәи ашкол-интернат азы автобус аахәоуп

"Аргылаҩцәа рус бзианы ирдыруеит. Ишахәҭоу еиԥш иҟаҵатәу ҟарҵоит. 2019 шықәса рзы аобиект ахархәарахь инеип ҳәа ҳгәыӷуеит" — иҳәеит иара.

Ашкол аргылараҿ ацхыраара руеит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Ашкол ҿыц иаднакыларц алшоит 120-ҩык аҵаҩцәа.

Иара убасгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Аҽгәара ақыҭан.

Ақыҭа школқәа реиԥш ацхыраара аҭахны иҟоуп Очамчыра ақалақьтә ашкол №2.

"Аибашьра еилгазар ашкол аремонт амбацт", — иҳәеит аҵара аҟәша аиҳабы.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Ԥақәашьтәи ашкол ахыбрагьы иаарласны аремонт азутәны ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0