Аԥснытәи аҷкәын ашьапылампылтә школ "Барселона" дахыԥхьаӡалоуп

© Фото : Нино КиласонияРенат Джабава
Ренат Джабава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ренат Джобава ампыл асра бзиа ишибозгьы игәамбзиара иахҟьаны уи азин имхын.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиа. Жәашықәса зхыҵуа аԥснытәи аҷкәын Ренат Джобава аклуб "Барселона" ашьапылампылтә школ-академиа дахыԥхьаӡалахеит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит аспортсмен иан Нино Киласониа.

© Фото : Нино КиласонияРенат Джабава
Ренат Джабава - Sputnik Аҧсны
1/4
Ренат Джабава
© Фото : Нино КиласонияРенат Джабава
Ренат Джабава - Sputnik Аҧсны
2/4
Ренат Джабава
© Фото : Нино КиласонияРенат Джабава
Ренат Джабава - Sputnik Аҧсны
3/4
Ренат Джабава
© Фото : Нино КиласонияРенат Джабава
Ренат Джабава - Sputnik Аҧсны
4/4
Ренат Джабава
1/4
Ренат Джабава
2/4
Ренат Джабава
3/4
Ренат Джабава
4/4
Ренат Джабава

Ренат Джобава ампыл асра бзиа ишибозгьы игәамбзиара иахҟьаны уи азин имхын.

Шықәсқәак раԥхьа игәы аоперациа азун. Азыҟаҵаҩцәа аҷкәын ашьапылампыл ауадаҩра дзаҵамгылар ҳәа ишәон.

"Москва иара аҳақьымцәа ркомиссиа дахысит. Бакулев ихьӡ зху анаукатә центр аҿы игәабзиара ҭырҵааит. Аҳақьымцәа азин ҟарҵеит ашьапылампыл асразы. Уи ашьҭахь Ренат Москва дахысит аклуб "Барселона" ашкол-академиаҿ аԥышәарақәа. Ренат абри ашкол ахь данрыдыркыла ҳамҭас ирҭеит бзиа иибо ашьапылампыласыҩ Лео Мессии икьаҿ. Уи иара даара деигәырӷьеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Нино Киласониа.

Уажәшьҭарнахыс Ренат Джобава аклуб "Барселона" ашкол-академиаҿ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигалоит, жәларбжьаратәи атурнирқәагьы дрылахәхалоит.

Аклуб "Барселона" ашкол-академиа Москва иаадыртит 2016 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0