Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Елерџьиа: гьамала, гәамҵрада аӡы ҳауртә иҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дранда аҳабла ахада Оҭар Елерџьиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аӡы азы ирымаз ауадаҩра шаԥыххаз.
Елерџьиа: гьамала, ӷәамҵрада аӡы ҳауртә иҟалеит

"Дранда аӡы азы  ауадаҩрақәа ыҟоуижьҭеи ҩажәаҟа шықәса ҵуеит. Ҩба-хԥа шәықәса раԥхьа иаҳагьы иҵарны иқәгылеит, аҵеџьқәагьы ҭабо иалагеит.   Аҳәынҭқарра ахадарахь аҳәара ҟаҳҵеит. Азҵаара шьҭаҳхыижьҭеи,  ақыҭауаа иҟарҵаз аҳәара ҳасаб азуны, шықәсык аҩныҵаҟа аус  ҳзеиҿыркааит. Аӡеизакырҭа ҟаҵан, 320 ҭӡы аӡы роуртә  аӡымҩангагақәа ҿыц еиқәыршәан. Иахьазы 240 ҭӡы аӡы рызнеиуеит. Дарбанзаалакгьы абри аӡымҩангагақәа аус рыдызулоз, ақыҭауаагьы саргьы ҳхырхәаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Имгәамҵкәа, гьамала, ҭынч иҳацәажәон, имҩаԥыргоз аусурақәа зегьы рзы адырра ҳарҭон. Иҳазгәамҭакәа абри ашықәсгьы, аус ахьынӡаруаз, лассы имҩасит", — иҳәеит Елерџьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0