АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәа нанҳәа 4 рзы, дааныркылеит Қәҭешь инхо Қырҭтәыла атәылауаҩ. Иара уаанӡа ацәгьоура ӷәӷәа амҩаԥгараз абахҭа дҭакын.
"Аԥсны-Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы иахәҭаны иҟоу адокументқәа имамызт. Аушьҭырҭатә пунктқәа иҽрыцәхьеикуан", — ҳәа аҳәоит иҟоу адырраҭараҿы.
Иара уаанӡа ацәгьоура ӷәӷәа амҩаԥгараз абахҭа дҭакын.
Қырҭтәыла атәылауаҩ Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵзура ҷыдақәа дрыҭоуп.