Америкатәи аԥарԥалыкь Аԥсны ицәырҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукПогода
Погода - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра аҵиаақәа рыхьчараз аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Владимир Гериа радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит америкатәи аԥарԥалыкь ишаҿагылатәу, уи аҵиаақәа иахьынӡарԥырхаго атәы.

АҞӘА, нанҳәа 9– Sputnik. Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра аҵиаақәа рыхьчараз аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Владимир Гериа радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит америкатәи аԥарԥалыкь Аԥсны ишцәырҵыз, уажәы ишаҿагылатәу, уи аҵиаақәа иахьынӡарԥырхаго атәы.

Роман Дбар - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дбар: амармалташьтә пты аиҳа арҵу иаҵәа аԥыхра мариоуп

"Ҩымчыбжьҟа раԥхьа иубарҭахеит. Аԥхьа ицәырҵит Гечрыԥшь, нас Гәдоуҭа араиони Очамчыра араиони рҿы иаҳԥылеит. Аԥарԥалыкь абӷьы бзиа иабоит, зыбӷьы еснагь ииаҵәоу аҵиаақәа рыда зегьы афоит", — иҳәеит иара.

Макьаназы иара ԥхасҭа дук ҟанаҵоит ҳәа аҳәара иашам ҳәа азгәеиҭеит Владимир Гериа.

"Хәышықәса раԥхьа аԥарԥалыкь шкәакәа акыр аԥхасҭа ҟанаҵахьан. Иара Очамчыра, Гәдоуҭа, Гал араионқәа рҿы ирацәан. Ахимикатқәа ҳхы иаҳархәон", — иҳәеит иара.

Уажәгьы аминистрра иамоуп алшара аҿагыларатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы ҳәа азгәеиҭеит Гериа.

Владимир Гериа инаҵшьны иҳәеит иахьазы америкатәи аԥарԥалыкь ареспубликазы ипроблемоуп ҳәа шузымҳәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0