Жәеизаҩык асовет аруаа Ԥсҳәы ақыҭан ижуп

© Фото : предоставлено Николаем МедвенскимКандидат медицинский наук,судмедэксперт Геннадий Бобуа работает с обнаруженными останками
Кандидат медицинский наук,судмедэксперт Геннадий Бобуа работает с обнаруженными останками - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҭахаз асовет ар рыԥсыбаҩқәа рыԥшааразы аекспедициатә гәыԥ Санчара, Марыхә, Клыхәра иахьрыҵаркуа аԥшаарақәа мҩаԥыргоит 2017 шықәса раахыс.

АҞӘА, нанҳәа 10 — Sputnik. Жәеизаҩык асовет аруаа Ԥсҳәы ақыҭан ижуп ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә ԥшааратә експедициа "Санчара. Высокогорный фронт 2018" анапхгаҩы Николаи Медвенски.

Аԥснытәи ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
30-ҩык асовет салдаҭцәа рыԥсыбаҩ Санчаратәи акаҵәараҿ иԥшаауп

"1942 шықәсазы Санчаратәи ахырхарҭаҿ иҭахаз асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа ҳаҭырла анышә рамадароуп ҳара ҳгәыԥ хықәкны иамоу", — иҳәеит Медвенски.

Санчаратәи ахыҵырҭахь уажәтәи аекспедициа фҩык рыла ишьақәгылан. Ҽыла уахь ихалеит. Иахьнеиз аҭыԥ акәша-мыкәша ирацәан уаанӡа иҵауламкәа анышә зықәдырҳәҳәаз аруаа рыԥсыбаҩқәа.

Аекспедициа 11-ҩык асолдаҭцәа рыԥсыбаҩқәа еизыркит. Урҭ зусҭцәоу макьаназ ишьақәыргылам.

Уаанӡатәи аамҭақәа рзы иԥшааз аԥсыбаҩқәа анышә иамадоуп Ԥсҳәы ақыҭа агәаҟны. Уажәазы ирыԥшааз аԥсыбаҩқәа рзы анышәынҭра ҿыц хыртуп.

Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә ԥшааратә експедициа "Санчара. Высокогорный фронт 2018" иалахәын фҩык ауаа. Урҭ дрылан венатәи аҳәынҭуниверситет астудентка Керстен Клинке. Аԥшаарақәа мҩаԥысуан Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршбеи, АШҽМ, АҶА, Акультура аминистрра, Аҟәа араион ахадара рхылаԥшрала.

Ажәабжьқәа зегьы
0