Гагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥкьаҭ асратә турнир

© Sputnik / Саида ЖибаГагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥҟьаҭ асратә турнир
Гагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥҟьаҭ асратә турнир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ихырқәшоуп Аԥсны Афырхаҵа, Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Мчыбжьык иалагӡаны, Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәаҟны имҩаԥысуан, Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба ихьӡынҩылаз, есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир. Уи еиҿкаан Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки, Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациеи рымчала.

Сынтәа атурнир иалахәын, Москвеи, Санкт-Петербурги, Магнитогорски, Казани, Нижни Тагили, Владикавкази уҳәа рҟнытә 67-ҩык, аашықәса зхыҵуа инаддыркны жәохә шықәса зхыҵуаз аспортсменцәа. Аԥсны ахьӡала ахәмаррақәа мҩаԥыргеит 21-ҩык аԥкьаҭ асцәа хәыҷқәа.

© Sputnik / Саида ЖибаГагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥҟьаҭ асратә турнир
Гагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥҟьаҭ асратә турнир - Sputnik Аҧсны
Гагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥҟьаҭ асратә турнир

Атурнир алҵшәақәа рыла, ақәратә гәыԥқәа рҟны аԥхьахәқәа аанызкылаз 21-ҩык рахьтә, реиҳараҩык аԥсуа хәыҷқәа роуп. Дара иранашьан ахраҿақәеи, амедалқәеи, аграмотақәеи, хра злоу аҳамҭақәеи.

"Ҳара аԥкьаҭ асра бзиа иаҳбоит, избанзар уи даара иԥшӡоу спорт хкуп. Агәыӷра ҳамоуп, еиҳау атурнирқәа рҟынгьы, Аԥсны ахьӡ ҭаҳгап ҳәа", — еицҿакны иазгәарҭоит аҿарацәа.

Атурнир аркра аофициалтә церемониа иалахәыз атәыла Ахада иабжьгаҩ Резо Кациа, ахәыҷқәа ирзеиӷьеишьеит, аманшәалареи, ақәҿиарақәеи. Иара убас иҭабуп ҳәагьы реиҳәеит, Аԥсны Афырхаҵа игәалашәара ахьдмырӡо.

Аԥкьаҭ асразы Афедерациа Ахада Ҭамаз Абӷаџьаа ихәҭакахьала, аԥхьатә ҭыԥқәа ирыԥсахаз дрыдныҳәалеит, егьырҭ алахәцәа ргәы кармыжьырц рабжьеигеит.

"Ишыжәбаз еиԥш, есышықәса ари атурнир амҽхак ҳарҭбаауеит. Излаҳалшо ала ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Еиҵагыло аԥкьаҭ асцәа хәыҷқәа акырӡа ҳшәыргәырӷьеит, гәык алагьы ишәыдысныҳәалоит аиааира иаԥсахаз, аҭыԥ ззанымкылаз шәакәзар, зынӡагьы шәгәалаҟазаара бжьымсааит, шәара шәаԥхьаҟа зегьы шәзыԥшуп", — иҳәеит Абӷаџьаа.

Арзамеҭ Ҭарба аамҭала аԥкьаҭ асратә спорт аҟны алҵшәа бзиақәа ааирԥшхьан, Аспорт азҟаза акандидат ҳәагьы ахьӡ ихҵан.

Ари атурнир ахыԥхьаӡалоуп, Урыстәылатәи аԥкьаҭ асратә тур, уаҟа иарбахоит, аԥхьахәқәа аанызкыло аспортсменцәа қәыԥшцәа рылҵшәақәа.

© Sputnik / Саида ЖибаГагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥҟьаҭ асратә турнир
Гагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥҟьаҭ асратә турнир - Sputnik Аҧсны
Гагра ихырқәшоуп Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз 23-тәи аԥҟьаҭ асратә турнир
Ажәабжьқәа зегьы
0