Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәон Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов в Парке славы
Возложение цветов в Парке славы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭенгьиз Китовани зхадараҿы дыҟаз Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа аихамҩа ахьчараҳәа аҿыӡга ҟаҵаны Аԥсны аҳәаа иҭалеит. Раԥхьатәи аидыслара ҟалеит нанҳәа 14 1992 шықәса рзы. Шықәсык ааҵуаны, цәыббра 30 1993 шықәса рзы аӷа Аԥсны далцан.

АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аибашьра раԥхьатәи амш азы иҭахаз ргәаларшәо Аҟәа иҟоу Ахьӡ-аԥша апарк ахь ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵарц инеиит атәыла анапхгара, аиҳабыра, адепутатцәа, аветеранцәа ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов в Парке славы
Возложение цветов в Парке славы - Sputnik Аҧсны
Возложение цветов в Парке славы

Аибашьра аветеранцәеи ареспублика ауааԥсыреи аибашьра актәи амш ргәаладыршәон.

"Ибзиан исгәалашәоит уи амш. Иахьеиԥш амра каххаа иԥхон. Цәгьарак ҟалап ҳәагьы ҳаҟамызт. Ақырҭцәеи ҳареи аибарххарақәа шҳабжьазгьы аибашьра ҳазыԥшымызт. Аусураҿ сшыҟаз аибашьра ҟалеит рҳәеит. Схәыҷқәа роуп иаразнак сзызхәыцыз. Усҟан дара Ацҳа ҟаԥшь ахь инеихьазаарын", — ҳәа еиҭалҳәоит аиҿкаара "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи"ахантәаҩы Гули Кьычба.

Адепутат Гиви Кәарҷиа аибашьра ианалагоз 16 ракәын ихыҵӡоз.

"Уанқәыԥшу зегь аҽакала иуныруеит. Аибашьра ишалагаз иаразнакы иаадырит џьоукы-џьоукы 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа ишрыдыркылозгьы", — иҳәоит иара.

Аибашьра аветеран Важьа Лабжаниа иҩызцәеи иареи раԥхьатәиқәа иреиуан.

"Иҟалаз шааҳаҳаз авоенкомат ахь ҳаҩит. Уаҟа еилыхаран. Асааҭ 12 рахь инеихьан раԥхьатәи аԥсӡы ҟалеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Ҭенгьиз Китовани зхадараҿы дыҟаз Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа аихамҩа ахьчараҳәа аҿыӡга ҟаҵаны Аԥсны аҳәаа иҭалеит. Раԥхьатәи аидыслара ҟалеит нанҳәа 14 1992 шықәса рзы. Шықәсык ааҵуаны, цәыббра 30 1993 шықәса рзы аӷа Аԥсны далцан.

Ажәабжьқәа зегьы
0