Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганба: Владислав Арӡынба Иреиҳаӡоу Ахеилак ахыбра ааныжьра иҭахӡамызт

© Sputnik / Илона ХварцкияВиталия Бганба
Виталия Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә мчрақәа иреиҳаӡоу ахеилакқәа ршәарҭадаратә маҵзура иахагылаз, аполковник Витали Бганба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит аибашьра раԥхьатәи амш.
Хра злоу ахҭысқәа: Бганба аибашьра раԥхьатәи амш иазкны

"Ацҳа ҟаԥшь аҿы аиҿахысра иалагеит, аиҳабыра аҩнаҿы еилаҩеиласран. Шьоукы иҩны иҩналон Владислав Арӡынба ддәылган дга, машәырк ихьуеит ҳәа сарҳәон. Иара адәылҵра зынӡагьы игәы иҭамызт, иҟалаз аус аиҿкаара нап аиаркит. Ахыбра ҳзыҩназ ахы аахо иалагеит. Иара адҵа сиҭеит Ацҳа  ҟаԥшь аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы. Саргьы амашьына снақәтәан сцеит, сахьнеиз аиҿахысра цон наҟ-ааҟ. Аҷкәынцәа алабақәа арматурақәа кны игылоуп. Схынҳәсны санааи иҟаз аҭагылазаашьа изеиҭасҳәеит, ари ахыбра аҟнытә аминистрцәа реилазаара ахыбрахь ҳаиасып ҳәа иабжьызгеит. Аха хырҩа аиҭеит, анаҩс адәахьы дандәылҵ иасҳәеит еиҭа ҳҭыԥ ҳаԥсахып ҳәа. Иара ус насаҭеикит "Гамсахәрдиа еиԥш   абункер сҭаукыр уҭахума?" ҳәа", — абас игәалаиршәоит Бганба.

Ажәабжьқәа зегьы
0