Иапониа адгьылҵысра ҟалар ауеит

© AP Photo Koji SasaharaЛюди на улице в Токио
Люди на улице в Токио - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла аметеорологиатә усбарҭа адырра ҟанаҵоит ашәарҭа аԥшьбатәи аҩаӡара аҟынӡа ихалар алшоит ҳәа.

АҞӘА, нанҳәа 15 — Sputnik. Иапониатәи аиҳабыра акризистә штаб аԥырҵеит атәыла алада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы авулкан аҿыхара аҟалара инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амҵзура Киодо адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Солнце - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаа ргәаанагарала иааиуа ахәышықәса акыр ишоурахоит

Атәыла аметеорологиатә усбарҭа адырра ҟанаҵоит ашәарҭара аԥшьбатәи аҩаӡара аҟынӡа ихалар алшоит ҳәа адгьылбжьаха Кутиноерабу аҿы иҟоу авулкан аҽцәыргара иахҟьаны. Ари аҭыԥ аҿы авулкантә дгьылҵысрақәа еиҳа-еиҳа ирацәахоит.

"Уажәтәи адгьылҵысрақәа репицентр 2015 шықәсазы иахьыҟаз ауп иахьыҟоу. Иалшоит урҭ рыҽдырӷәӷәар", — рҳәоит аҵарауаа.

Аусбарҭа алаҳәара ҟанаҵеит авулкан Синдаке ааигәа-сигәа инхо ауааԥсыра даара ргәырҽанызарц.

2015 шықәсазы Кутиноерабу авулкан иаалырҟьаны иҿыхеит. Адгьылбжьаха ауааԥсыра рынхарҭаҭыԥқәа ирхыган.

Ажәабжьқәа зегьы
0