Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амқәаб: аглобалтә процесс унапаҿы иааугароуп уҭоурыхи укультуреи хьчо

© Sputnik / Томас ТхайцукГурам Амкуаб
Гурам Амкуаб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Амқәаб арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иихьчаз адоктортә диссертациа зызкыз.

Амқәаб: аглобалтә процесс унапаҿы иааугароуп уҭоурыхи укультуреи хьчо
"Афилософиа анаука ҭҵаараҿы амҽхак ҭбаауп. Сара сзанааҭ акультуреи аҭоурыхи ртеориа ауп сызлацәажәо. Насгьы амассатә информациатә хархәагақәа амилаҭ рыхдырраҿы ҭыԥс иааныркыло атәы. Абри ахдырра ҳаналацәажәо, уи еснагь афилософиа аҵанакуеит. Адиссертациа атема ахдыррахь амҩа хан. Амассатә информациатә хархәагақәа акультура ҭоурыхтә феноменк аҳасабала аглобалтә процессқәа рҿы ныррас иҟарҵо, иахьатәи ҳаамҭазы адунеи аҿы рҭыԥ иазкын сусумҭа. Сара хаҭала амилаҭҭә кьыԥхь, ателехәаԥшра, арадио рҭыԥ аглобалтә процессқәа рҿы аҭҵаара сашьҭан. Исҳәар сҭахуп, аглобалтә процессқәа зегьы ишырхьысуа иара убас имаҷу аетникатә гәыԥқәа. Аглобалтә процесс уадымгылар ҟалаӡом, аха аглобалтә процесс ааны уара иухаԥар, иӡуеит умилаҭтә культура, аҭоурых, аҵас, ақьабз. Уи еиқәырхатәуп. Арҭқәа уанрыдымгыла, ухаҭа узусҭахода? Иҟоуп амедиатә уаа. Сара сгәанала абри адемократиа ианалага хәыҷык ҳахнаԥаацәаны ҳадгылон, аха иахьа иаҳбоит ауаҩы ихаҭара аарԥшра шыуадаҩхаз. Ауаҩы ихаҭара ыҟазарц дрықәныҟәалароуп икультура, иҭоурых, иҵас. Убри аан ауаҩы аглобалтә процессқәа идикылозароуп, избанзар атехнологиа ҿыцқәа инапаҟны иааигароуп", —иҳәеит Амқәаб.

Ажәабжьқәа зегьы
0