АҞӘА, нанҳәа 17— Sputnik. Ареис Тунис-Ростов-на-Дону ала иԥыруаз аҳаирплан иаалырҟьаны Анталиа идыртәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Аҳаирплан уажәы уа игылоуп. Аҳаирплан 180-ҩык апассаџьырцәа ҭан", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ареис мҩаԥнагон аилахәыра "Северный ветер".
Анталиа иҟоу урыстәылатәи аконсулраҿы аҳаирплан артәара шьақәдырӷәӷәеит.