АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ингәыштәыла акультура амшқәа Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 4 — 7 рзы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Беслан Гәырџьуа.
"Ингәыштәыла акультура амшқәа Аԥсны рымҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Ингушетия" аконцерти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы аҟазаратә цәыргақәҵеи", — иҳәеит иара.
Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Беслан Гәырџьуа ишиҳәаз ала ҽааназы иазыԥхьагәаҭоуп Ингәыштәыла Аԥсны акультура амшқәа рымҩаԥгара.
Беслан Гәырџьуа иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аинырра ҳажәларқәа еиҳа еизааигәанатәуеит, акультуратә еимадарақәа дырӷәӷәоит, Аԥсни Ингәыштәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылоит.