Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сақаниа: Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа игәцаракны иҳамоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСурам Сакания
Сурам Сакания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩынҩажәижәаба шықәса раԥхьа, нанҳәа 17 рзы, Париж, иԥсҭазаара далҵит раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба. Аԥсны амилаҭтә галериаҿы иҵәахуп 200 рҟынӡа хәы змамӡам асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә галереиа аиҳабы, аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа.
Сақаниа Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ирызкны: игәцаракны иҳамоуп

"200 инарзынаԥшуа иусумҭақәа Аԥсныҟа аагара алыршахеит. Дара зегьы иахьа еиқәырханы иҳамоуп. Ҳҭагылазаашьақәа шыцәгьоугьы дара игәцаракны ҳахылаԥшуеит, иҳахьчоит. Аусумҭақәа зегьы рцәыргақәҵа ыҟан ааигәа. Дара ашәындыҟәра еиԥш иҟоу, иҷыдоу аҭра иҭоуп. Ҳара иҳамоуп 1896, 1898 шықәса рзы иҭыихыз аусумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Абаҳчаҿы" ҳәа хьӡыс измоу", — ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.  

Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, ԥхынҷкәын 12-13 рзы.

Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 17 1968 шықәса рзы, Париж.

Ажәабжьқәа зегьы
0