ЕАШ асанкциатә сиақәа дырҭбаауеит

© Sputnik / Igor Mikhalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраCongrès américain
Congrès américain - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанкциатә сиахь иалагалоуп петербургтәи аилахәыра Vela-Marine LTD аиԥш словакиатәи афирма Lacno S.R.O.

АҞӘА, нанҳәа 22— Sputnik. Еиду аштатқәа рсанкциатә сиахь иаларгалеит петербургтәи аилахәыра Vela-Marine LTD аиԥш словакиатәи афирма Lacno S.R.O реиԥш Урыстәыла атәылауаа ҩыџьагьы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Асанкциатә сиа ианшәалеит Антон Нагибин, 1985 шықәса рзы ииз, Марина Царева 1973 шықәса рзы ииз, уаанӡа асанкциақәа ирыҵакыз аилахәыра "Дайвтехносервис" иадҳәалоуп ҳәа.

Асанкциақәа рылаҳәоуп аконгресс аҿы дара рзы аҭакԥхықәра зду афинансқәа рминистрра ахаҭарнак Сигал Манделкер лықәгылара аламҭалаз.

Асанкциатә сиахь иалагалоуп петербургтәи аилахәыра Vela-Marine LTD аиԥш словакиатәи афирма Lacno S.R.O.

Ажәабжьқәа зегьы
0