Аимҳәаршәаа амҽхак аҽарҭбаауа иалагеит

© AP Photo David GoldmanМикробиолог Молли Фриман берет бактерии Листерии из пробирки для теста
Микробиолог Молли Фриман берет бактерии Листерии из пробирки для теста - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс ԥхынгәымза инаркны иахьа уажәраанӡа миллионҩык рҟынтәи иҭаҩуп аимҳәаршәаа зыхьуа ҳәа Украина - 606-ҩык, Сербиа - 643-ҩык, Қырҭтәыла – 307-ҩык, Бырзентәыла - 293-ҩык.

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Ауаҩытәыҩса ибзазара аманшәалареи ахархәаҩ изинқәа рыхьчареи хылаԥшра рызҭо Афедералтә маҵзура (Роспотребнадзор) аҳәамҭа ҟанаҵеит аҵыхәтәантәи ахышықәса, адунеи атәылақәа жәпакы рҿы, Европатәи атәылақәагьы абрахь иналаҵаны, аимҳәаршәаа алаҵәара иаҿуп ҳәа.

Абри атәы аанацҳауеит REGNUM.

Аҵыхәтәантәи афымз рыҩныҵҟа Украина иҭаҩуп 28 нызқь хҭыс, урҭ рҟынтәи 13-ҩык ахәыҷқәа рыԥсҭазаарақәа рзеиқәмырхеит. Аҭагылазаашьа уадаҩ ыҟоуп Румыниа, Италиа, Черногориа, Франциа. Мзызны ирыԥхьаӡо ауааԥсыра алаҵа мап ахьацәыркуа ауп.

Урыстәыла акәзар аҭагылазаашьа еиҳа ишеиӷьугьы Европа иҟоу аҭагылазаашьа анырра ҟанаҵар ҳәа ашәарҭара ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0