Аурыс мааҭ аҽышьақәнартәоит

© Sputnik / Игорь Самойлов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКупюры разного номинала и разной валюты. Рубли и евро.
Купюры разного номинала и разной валюты. Рубли и евро. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америка асанкциатә политика иахҟьаны аҵыхәтәантәи аамҭазы амааҭ акыр илаҟәит. Аха асанкциа ҿыцқәа ирыхҟьаны иҟоу аҭагылазаашьа акраамҭа ицарым ҳәа агәаанагара рымоуп аекспертцәа.

АҞӘА, нанҳәа 24 —Sputnik. Америка асанкциатә политика иахҟьаны аҵыхәтәантәи аамҭазы амааҭ акыр илаҟәит. Аха асанкциа ҿыцқәа ирыхҟьаны иҟоу аҭагылазаашьа акраамҭа ицарым ҳәа агәаанагара рымоуп аекспертцәа. Абас аанацҳауеит РИА Новости, Москватәи абиржа адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Урыстәыла Ацентртә Банк мап ацәнакит аҩныҵҟатәи ахархәаразы авалиута аахәара нанҳәа 23 инаркны цәыббрамза анҵәамҭанӡа. Адоллар акурс 69 мааҭ артәон, евро —79,8 мааҭ.

Урыстәылатәи аекономиказы ашәарҭара аҵаны ирбоит асенатор Линдси Грем иаҧшьгамҭа. Иара ажәалагала ҟаиҵеит урыстәылатәи аҳәынҭқарратә банкқәа рганахь ала асанкциақәа алагалазарци аоблигациа ҿыцқәа рҭыжьра алмыршарази.

Ажәабжьқәа зегьы
0