Ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысуеит ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭа "Лыхнашҭа" ма "Мықәашҭа" угәаланаршәо еиҿкаауп. Акызаҵәык араҟа игылам аԥсуа ԥацхақәа. Урҭ рцынхәрас апавильонқәа ргылан. Аишәақәа ракәзар чысла иҭәын.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции

Аныҳәа асасцәа арахь иааиуан, аԥсуа чыс агьама рбон, аныҳәаҿақәа шьҭырхуан, аԥсуа жәлар аизҳазыӷьара рзеиӷьаршьон аҵәца иҭыԥхаауаз аҩы шкәакәа ма аҩеиқәаҵәа рыла. Иҟан аԥсуа жьаӷь-уатка еиҳа згәы азцозгьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции

"Ҳажәлар шәышықәсала рыдгьыл аҿы рхы иақәиҭны, ихьыԥшымкәа анхара иазықәԥон. Уи иахьа иаҳлабҿабахеит", — иҳәеит Лыхны ақыҭауаҩ Иури Ӡиӡариа.

Ацәыргақәҵа аҟнытә авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра

Иара иазгәеиҭеит ареспубликаҿ иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа ахьыԥшымра азхаҵара уаҵәтәи амш ахь ашәқәа ҟьаҟьаӡа иаанартит.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции

Ашҭаҿ еизаз дрыдныҳәаларц уахь днеиит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Ашҭа ахи аҵыхәеи иқәыҩуан амилаҭ мелодиақәа, игон ашәабжь, аҿар еинҟьаны икәашон. Араионтәи аҳҭнықалақьтәи акәашаратә коллективқәа бзиа еицырбоз акәашарақәа наргыӡон, ашәақәа рҳәон.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции

"Аныҳәа Аԥснеиԥш аԥсуа диаспора ахьынхо зехьынџьара иазгәарҭоит. Ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп аиааира амшныҳәа 25-шықәса ахыҵра. Аԥсны аҭынчра азеиӷьасшьоит", — иҳәеит Пицунда инхо Анатоли Сабуа.

Аныҳәаҿ ирацәан Урыстәылатәи атуристцәа, аԥсшьаҩцәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции

"Ҳара лассы-лассы Аԥсныҟа ҳаалоит. Еснагь иҿыцу ак ҳхазы иааҳартуеит", — лҳәеит Краснодартәи аԥсшьаҩы Дина Васильева.

Урыстәыла Аԥсны шазханаҵаз азы ажәабжь Ардонбеи Гемуа ианиаҳаз Аԥсныҟа амҩа дықәын.

"Белоруссиантәи сҩыза аҭел дасны исеиҳәеит. Аԥхьа агәра сзымгеит. Убри амш ҭоурых мшуп. Уиижьҭеи 10 шықәса ҵуеит. Амҩа ҳазнугьы мҩа иашоуп" — иҳәеит иара.

Дамеи Џьениа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара дақәлоуп. 2008 шықәса рзы диит.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции

"Зегьы срыдныҳәалар сҭахуп. Исҭахуп аибашьра ахаан иҟамларц" — иҳәеит иара.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев ирылеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликеи рхьыԥшымра шазханаҵаз азы.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции
Ажәабжьқәа зегьы
0