Анатоли Бибилов аԥсуа жәлар дрыдныҳәалеит

Визит президента Абхазии в Южную Осетию
Визит президента Абхазии в Южную Осетию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза 26 рзы Алада-Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара жәашықәса ахыҵра Амш.

АҞӘА, нанҳәа 26 — Sputnik. Нанҳәамза 26 рзы Алада-Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара жәашықәса ахыҵра Амш. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит. 

"Нанҳәамза 26, 2008 шықәса- ҳҳәынҭқаррақәа рҭоурых ҳлахьынҵа аӡбараҿы акрызҵзкуа рыцхәны ианылеит. Абри амш аҽны, жәашықәса раҧхьа, ҳҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа ирымаз азыҳәара инақәыршәаны, Урыстәыла дуӡӡа анапхгара иаднакылаз аҭоурыхтә ҵакы змаз аӡбаҭа инақәыршәаны, ҳҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымра азхаҵан." Ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Возложение цветов в парке славы - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵаз амш азгәарҭеит Аҟәа

Бибилов иазгәеиҭеит сынтәатәи аиубилеи иамоу аҵак ҷыда.

"Ари амш имариамыз ақәҧараҿы аҭынч ҧсҭазаареи ахақәиҭреи иазықәпоз аҧсуа жәлар рфырхаҵареи рыгәаӷьреи иасимволхеит. Сынтәатәи аныҳәатә иубилеи иҷыдоу аҵакы амоуп. Акыр иуадаҩыз аамҭақәа хьыӡла-ҧшала иалҵны, бџьаршьҭыхла ахақәиҭра хьчаны, аҧсуа жәлар аҳәынҭқкарра аргылара шрымчыз, Аиааира шыргоз азы гәыҩбарак шрымамызт аадырҧшит. Урыстәыла аганахьала Аҧсны иаиуз аҭоурыхтә зхаҵара Аҧсны аҭоурых аҟнеиҧш, Урыстәылеи Аҧсни, адунеитә уаажәларра зегьи рыбжьара аҳәынҭқарра- политикатә еизыҟазаашьақәеи рҿы иҿыцу адаҟьа аанартит. Абри аҭоурыхтә ҵакы змоу амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа, Аҧсны атәылауаа зегьы нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыҕьара", —  азгәеиҭеит Бибилов.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев ирылеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликеи рхьыԥшымра шазханаҵаз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0