Ҩеижәижәаба миллион иӷьычит ҳәа агәҩара ззыҟоу руаӡәк даанкылоуп

© Sputnik / Вадим Жернов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрест. Архивное фото.
Арест. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 24 рзы аԥснытәи аномерқәа змаз автомашьына иақәтәаз идырым ауаа Шәача атәылауаҩ 30 миллион мааҭ зҭаз ишәыра имԥаан ибналеит. Убри инадҳәаланы ақалақь аҿы еиҿыркааит аплан "Перехват". Аԥшаарақәа рыҽрыладырхәит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәагьы.

АҞӘА, нанҳәа 29 — Sputnik. Шәачатәи аполициа аусзуҩцәа дааныркылеит аӷьычра ҟаиҵеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу руаӡәк. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ААР ахаҭарнак Ирина Волк лажәақәа шьаҭас иганы.

"Аоператив-ԥшааратә усурақәа ирылҵшәаны Шәачатәи адәыӷбаанкыларҭаҿы даанкылан 53-шықәса зхыҵуа, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа руак ауаҩԥсы. Ахаҵа идбалоуп аԥара ахәҭак. Ашьаус хацыркуп", — лҳәоит Волк.

Уажәазы егьырҭ ацәгьоура алахәылацәа рхаҭарақәа рышьақәыргылареи раанкылареи ирзырхоу ауснагӡатәқәа ирҿуп.

Волк ишылҳәаз ала абанк аҿы аԥара амызхыз ахаҵа идыри иареи автомашьынала инеиуан. Аамҭак азы аԥсҟы зкыз амашьына дҭыҵит. Убри аамҭаз иаарыдгылаз автомашьына асабардақәа зҿаҵаны иҭатәаз ҩыџьа ауаа атапанча еиԥшыз акы неиҿакны аԥара имырхит.

"Ацәгьоуцәа бналеит. Ацәыӡ 30 миллион мааҭ артәеит", — лҳәеит Волк.

Ажәабжьқәа зегьы
0