Шәача ақалақь аӡеизакырҭақәа ахьыуашәшәыроу иахҟьаны ақалақьуаа ӡыда иаанхеит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Сочи
Города мира. Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақьтә АУН "Аӡыканал" апресс-маҵзура ишаанацҳаз ала авариатә ҭагылазаашьа ҟалеит аӡыҭгагақәа ирыхҟьаны.

АҞӘА, нанҳәа 30 — Sputnik. Шәача ақалақь ӡыла еиқәзыршәо аӡеизакырҭақәа рҿы аӡыҭгагақәа ахьыуашәшәыроу иахҟьаны жәанызқьҩык рҟынӡа ақалақьуаа ӡыда иаанхеит ҳәа аанацҳауеит Кубань24.

Ақалақьтә АУН "Аӡыканал" апресс-маҵзура ишаанацҳаз ала авариатә ҭагылазаашьа ҟалеит аӡыҭгагақәа ирыхҟьаны.

"Авариатә ҭагылазаашьа ҟалеит аӡыҭгагақәа ирыхҟьаны. Амикрораионқәа Донскаиа, Пасечнаиа, Мамаика, Винограднаиа рҿтәи 40 рҟынӡа амҩадуқәа рҿы инхо ауаа ӡыда иаанхеит. Уажәазы аӡыржәтә ршоит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0