Фируза Чамагәуаԥҳа: "Амаалықьцәа рықалақь" арыцҳашьара узцәырнамгар залшом

© Фото : Сырма Ашуба"Амаалықьцәа рықалақь" Беслан
Амаалықьцәа рықалақь  Беслан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи зыршанхаз хҭысуп 2004 шықәса рзы Нхыҵ-Уаԥстәыла, Беслан ақалақь аҿы иҟалаз атрагедиа. Сентиабр азы, аҵарашықәс алагамҭазы, ашкол аҟны иҟалаз атерракт иахҟьаны, 300-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи рыԥсҭазаара иалхын.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

"Амаалықьцәа рықалақь" — абас ахьӡуп улаԥш аҟны заагара гәаӷьыуацәоу азеиԥш нышәынҭрақәа ахьыҟоу аҭыԥ. Есышықәса, Сентиабр 1, Беслан ақалақь азы лахьеиқәҵаратә мшуп, ашколқәа рышә аркуп, ашҭа иқәыҩуам ахәыҷқәа рыччабжьы…

Иҟалап араҟа амҩахәасҭақәа цәажәозар. Уааҭгылан уӡырҩыр, адгьыл агәынқьбжьы уаҳауеит, ашьац макьанагьы ашьа аламбаӡац.

Егьа шәышықәса царгьы ари ахҭыс хашҭра ақәӡам. Ас еиԥш иҟоу ашәахсҭа ӷьара ақәым. Издыруадаз, иҭархаз аҵаҩцәа, раԥхьаҟа рҭаацәеи рыԥсадгьыли рзы ихәарҭаны иҩагылазтгьы. Аха ргәыӷрақәа гәымбылџьбарыла иҿахҵәан.

Басаева Ӡирасса, илхыҵуан жәшықәса. Лҩызцәа реиԥш ашкол аҭалара лҽазыҟалҵон. Аха, ашколтә ԥсҭазаара абара дахьымӡакәа дҭархан. Ус шаҟаҩы, шаҟа ԥсҭазаара еимгеимцарк иалагӡаны иҿахҵәазеи?..

Аԥснынтә Беслан ақалақь иаҭаахьоу, хаҭала ари аҭыԥ збахьоу, ахааназы ирхашҭраны иҟам. Ахҭыс аныҟалаз арыцхә ааигәахацыԥхьаӡа ргәалашәарақәа рҿы зышьҭа мыӡуа ахәыцрақәа цәырҵуеит.

"Амаалықьцәа рықалақь" аҟны сара сыҟан 2007 шықәса рзы. Еибашьрада аибашьра ззыҟалаз ауаа роуп. Сызлаԥшыз асахьа сыблаҿы ҩаԥхьа иаазгоит ҳәа салагар, акыр исцәыуадаҩхоит. Ауаҩ гәымбылџьбарыҵәҟьагьы ас еиԥш иҟоу ахҭыс, арыцҳашьара изцәырнамгар залшом. Абыржәыгь саԥхьа игылоушәа збоит зхы-зҿқәа аччара зҿықәыҳәҳәа иҟоу ахәыҷқәа рҳаҭгәынқәа ирхагылоу абаҟақәа. Аибашьраҿы зыхшара ҭахаз ракәым, дарбанызаалак ауаҩы игәаҵӷа ҿнажәоит. Ари аҩыза ахҭыс уаҳа иҟамлааит, ахәыҷкәа зегьы аҭынчра рзеиӷьасшьоит", — лҳәеит Фируза Чамагәуаԥҳа.

Имаҷхааит ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа, изызҳауа аҿар еснагь аԥеиԥш лаша рымазааит. Ашкол агәашәқәа анырзаат иамш инаркны, адырра бзиақәа рдунеи иатәнатәааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0