Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагәышь аҳәынҭқарратә бызшәа иазкны: уадацыԥхьаӡа иҩныҩуазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Хагуш
Батал Хагуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баҭал Ҳагәышь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит абызшәа апроблема ӡбашьас иамоу.

Хагәышь аҳәынҭқарратә бызшәа иазкны: уадацыԥхьаӡа иҩныҩуазароуп
"Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иахьа ҳҿар абызшәа хьысҳан ирдыруеит. Убри ариашаразы ҳара ҳхы иадаҳҵеит абызшәа зҭаху изы аҭагылазаашьа аԥҵара. Аусбарҭақәа рҿы анапгхара азҭар зҭаху аусура иргома, мамзаргьы ачынуаҩ иоума, ҳара аԥышәара ҳадаҳкылар ауп. Абызшәа идыруа изымдыруа аилкааразы. Абызшәазы аҭакԥхықәра аҭаацәа ишрыду еиԥш, ҳаргьы иҳадуп. Абызшәа адырҵара иалагатәуп аиҳабыра аҟнытәгьы. Аҭаацәа ирбароуп аиҳабыра руадақәа рҟнытә аԥсшәа шыҩныҩуа.  Уадацыԥхьаӡа аҳәынҭқарратә бызшәа ҩныҩуазароуп. Ус ианыҟамла, ари иаԥсыуоу ҳәынҭқаррам", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳагәышь.

Ажәабжьқәа зегьы
0