Атәыла Ахада Дмитри Иудини Алексеи Трубецкои идикылеит

Анапаҵаҩра
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит аинрал-маиор Дмитри Иудини, Урыстəыла Афедералтə шəарҭадаратə маҵзура аҳəаахьчаратə усбарҭа аиҳабы инапынҵақəа Аҧсны рынагӡара хзыркəшахаз, иара убас аамҭала Аҳəаахьчаратə усбарҭа аиҳабы инапынҵақəа назыгӡо Алексеи Трубецкоии.

АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит аинрал-маиор Дмитри Иудин, Урыстəыла Афедералтə шəарҭадаратə маҵзура аҳəаахьчаратə усбарҭа аиҳабы инапынҵақəа Аҧсны рынагӡара хзыркəшахаз, иара убас аамҭала Аҳəаахьчаратə усбарҭа аиҳабы инапынҵақəа назыгӡо Алексеи Трубецкоии ҳәа аанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Дмитри Иудин Аҧсны Аҳəынтқарра Ахада изеиҭеиҳəеит, Урыстəылатəи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟаиҵаз Аусҧҟа инақəыршəаны, амаҵзура ҿыц дшахаргылоу, иара убас диирдырит Аҧсны, Урыстəыла Афедералтə шəарҭадаратə маҵзура аиҳабы аамҭала инапынҵақəа назыгӡо Алексеи Трубецки.

"Ҳаҭыр зқəу Рауль Џьумка-иҧа, Азин сышəҭозар, аиҳабы инапынҵақәа рынагӡара иалагаз аполковник, Алеқсеи Виктор-иҧа Трубецки дышəсырдыруеит. Иара изанааҭ ибзианы дазыҟаҵоуп, иахəҭоу аҧышəа имоуп. Алма-Ата ақалақь аҿы Ӡержински ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҳəаахьчаратә дҵаҟаҵаратə ҵараиурҭа далгеит. Аокеанҭынчтə ҳəаахьчаратə округ аҿы аррамаҵзура дахысуан, уи анаҩс акыр маҵурақәа иҧсахит, 2001 шықәса рзы Афедералтə ҳəаахьчаратə маҵзура Академиа далгеит, уи нахыс аҭыҧқəа маҷымкəа иҧсаххьеит, дыҟан еиуеиҧшым ахəаахьчаратə ҭыҧқəа рыҟны — Хара Мрагылара, Аҩадатәи Кавказ, Украина аҳəааҿы. Аҵыхəтəантəи шықəсыки бжаки Аҧсны Аҳəынҭқарраҿы аррамаҵзура дахысуеит, Аҧсны ашəарҭадара ахьчара иадҳəалоу ауснагӡатәқəеи урҭ рынагӡашьеи бзианы еиликаауеит", — иҳəеит Дмитри Иудин.

Дмитри Иудин ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аус зциуаз зегьы.

"Ҳара ҳмаҵзураҿы убас еиҧш иҟоу аамҭа ааиуеит, ҳааины "ҭабуп" ҳəа аншəаҳҳəаша, ҳнаҩсан иааиуа ауаҩы дшəырдырны, аҭыҧ ҿыц ахь ҳниасны ауснагӡатә ҿыцқәа рынагӡара ҳаналаго. Урыстəылатəи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иусҧҟала амаҵзура ҿыц сыҭоуп. Мчыбжьык ашьҭахь, аусура нап асыркуеит. Сыхьӡала иҭабуп ҳəа шəасҳəарц сҭахуп Шəара, иара убас Ашəарҭадаратə Ахеилак Амаӡаныҟəгаҩ, Аҳəынҭқарратə шəарҭадара амаҵзура Ахантəаҩы, амчратə усбарҭақəа, азинхьчаратə усбарҭақəа зегьы русзуҩцəа, Аҧсны жәлар иаадырҧшыз аустəи хаҭалатәи аизыҟазаашьақәа рзы. Урҭ аизыҟазаашақәа ҳара иҳалдыршеит Аҧсны аҳəынҭқарратə ҳəааҿы ашəарҭадара аҭышəныртəалара аус аҿы иҟаҳҵаз алагала. Ус шакəугьы, аҭагылазаашьа макьанагьы инагӡаны иҭышəынтəалам. Иҟоуп иӡбоу аусқəа, иара убас зыӡбара аҭаху" — иҳәеит иара.

Ахада Дмитри Иудин изеиҕьеишьеит аихьӡарақәа имаҵура ҿыц аҿы, иҳәеит Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы ҿыц иаангьы иара амаҵураҿы даныҟаз излагаз аусура иацҵахоит ҳәа агәра шиго Аҧсни Урыстәылеи ишырзеиҕьхаша ала.

"Ирыдыркылаз аӡбамҭа иаҳәоит аусураҿы аҧхьаҟа шәеизҳаразы алшара шшәымоу. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳҳәынҭқарреиҧш, урыстәылатәи аҳәынҭқаррагьы ршәарҭадара хықәкыс измоу ауснагӡатәқәа зҿаҧхьо иқәгылоу иаҳзааигәоу аҩызцәа анҳадгылоу, аус анеицаҳуа. Ҳара ҳамчратә усбарҭақәа алархәны имҩаҧгаз аусура хәарҭара злоу аизыҟазаашьақәа ртәы рҳәоит, урҭ, хымҧада, ирыцҵатәуп. Шәмаҵура ҿыц аҿы ишәзеиҕьасшьоит аихьӡарақәа. Сара агәра згоит Аҧсны аҩызцәа рацәаны иахьшәырҳауа ҭыҧны ишыҟало", — иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Цəыббрамза 3 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит аинрал-маиор Дмитри Иудин, Урыстəыла Афедералтə шəарҭадаратə маҵзура аҳəаахьчаратə усбарҭа аиҳабы инапынҵақəа Аҧсны рынагӡара хзыркəшахаз, иара убас аамҭала Аҳəаахьчаратə усбарҭа аиҳабы инапынҵақəа назыгӡо Алексеи Трубецкоии.

Ажәабжьқәа зегьы
0