АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дҭахеит амҩатә машәыр аан, цәыббра 8 ауха. Аиҳабыратә кортеж иашьҭанеиуаз Аԥснытәи аделегациа алахәылацәа зҭаз амашьына ԥырхага амоуит. Абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит аделегациа алахәыла Кама Ҵәыџьԥҳа.
"Амҩатә машәыр аан уаҳа аӡәгьы ԥырхага имоуит", — лҳәеит Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы, аделегациа алахәыла Кама Ҵәыџьԥҳа.
Геннади Гагәылиа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дызхагылаз аԥсуа делегациа дахәҭакны Шьамтәыла официалла даҭааны дыҟан.
Амҩатә машәыр аан ишәарҭам аахақәа роуит аҽа ҩыџьа ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.
Амҩатә машәыр шыҟалаз азы адырра ҟаҵан асааҭ 23:10 рзы. Ахәышәтәырҭахь инаган хҩык. Аԥыза-министр иԥсҭазаара далҵит ҳәа рҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.