Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беиа Гагәылиа изы: Аԥсны дацәыӡит зҟәышра нагаз, зыуаҩра ҳаракыз аполитик

© Sputnik / Томас ТхайцукМзия Бейя
Мзия Бейя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арӡынба ихьӡ зху аибашьра афырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиа арадио Sputnik аефир аҟны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дихцәажәо иазгәалҭеит инапы злакызаалак аус арҽеишьа дақәшәон ҳәа.
Беиа Гагәылиа изы: Аԥсны дацәыӡит зҟәышра нагаз, зыуаҩра ҳаракыз

"Аԥсны дацәыӡит зҟәышра нагаз, зыуаҩра ҳаракыз аполитикаҿы аџьабаа збахьаз, аекономика арҽеиразы зхы аџьыка ықәызххьаз ауаҩ нага, ауаҩ хатәра ду. Геннади Леонид-иԥа ҳаҩнаҭаҿы даадыруан аибашьра иалагаанӡагьы. Сашьеи иареи аиҩызара рыбжьан. Иара иҳәамҭан ус иҳаҳахьан: "сахьыҟазаалакгьы, иарбан чинзаалакгьы иааныскыло ауаа рзы сшыҟац саанхоит, ауаа рахь сгәыбылра аҽаԥсахуам" ҳәа. Иара дахьыҟазаалак, инапы злакызаалак аус акалашәа ирҽеиуан", — лҳәеит Беиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0