Дамаск иаадыртуеит адышшыларатә шәҟәы

CC0 / / Гвоздики и свечи
Гвоздики и свечи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 руха. Аԥсыжра ҟалоит цәыббра 12 рзы. Дамаск Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшыларатә шәҟәы хдыртит.

АҞӘА, цәыббра 11– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дамаск ақалақь арҵаҩцәа рконференц-зал ахыбраҿ Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшыларатә шәҟәы хдыртит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата адәныҟатә еимадарақәеи аинвестициақәеи русбарҭа аусзуҩ Муҳаммед Али Татажь.

"Геннади Гагәылиа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа мҩаԥысуеит асааҭ 16:00 инаркны 18:00 рҟынӡа", — иҳәеит иара.

Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 руха. Аԥсыжра ҟалоит цәыббра 12 рзы, Гәдоуҭа. Ареспубликаҿ алахьеиқәратә мшқәа рылаҳәоуп. Ахашаҽны абираҟқәа ларышьҭуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0