Австралиа шә-кьылак рҟынӡа иҟоу ахьыршәыгәқәа рыԥшааит

© RNC MINERALSВ Австралии нашли огромные золотые самородки. Вес крупнейшего - почти 100 кг
В Австралии нашли огромные золотые самородки. Вес крупнейшего - почти 100 кг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахьыршәыгәқәа руакы 95 кьыла инеиҳаны иакапануеит, уи аҟынтәи ахьыцқьа иартәоит 70 кьыла. Аԥхьатәи ахәшьарақәа рыла, уи ахә х-миллион доллар иреиҳахоит.

АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Мраҭашәаратәи Австралиа ахьыԥшааҩцәа Калгурли ааигәара шә-кьылак рҟынӡа иҟоу ахьыршәыгәқәа ҩба рыԥшааит.

Ахьыршәыгәқәа руакы 95 кьыла инеиҳаны иакапануеит, уи аҟынтәи ахьыцқьа иартәоит 70 кьыла. Аԥхьатәи ахәшьарақәа рыла х-миллион доллар иреиҳахоит уи ахә ҳәа аанацҳауеит ВВС аурыс маҵзура.

Ахьыҵхырҭатә еилахәыра RNC Minerals аҳәамҭа ҟанаҵеит иԥшаау ахьыршәыгәқәа руак 95 кьыла инеиҳаны иакапануеит, уи аҟынтәи ахьыцқьа иартәоит 70 кьыла (2400 унциа), аҩбатәи ахьыршәыгә 63 кьыла акапануеит, иартәоит 1600 унциа ахьы ҳәа.

Ахьыԥшааҩцәа ражәақәа рыла, ари шамахамзар иуԥымло ԥшаахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0