Аекономикатә форум аԥхьатәи аихшьаалақәа: 175 проекти 2,9 триллион мааҭи

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтартовый день IV Восточного экономического форума
Стартовый день IV Восточного экономического форума - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьбатәи Мрагыларатәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит Мрагыларахаратәи афедералтә университет аҿы цәыббра 11-13 рзы.

АҞӘА, цәыббра 13 — Sputnik. 2,9 триллион мааҭ рыхә иҟоу 175 проект напы рыҵаҩуп Мрагыларатәи аекономикатә форум аҿы ҳәа ажурналистцәа ирылеиҳәеит апресс-конференциаҿы Мрагыларахаратәи афедералтә округ аҿы Урыстәыла ахада ихаҭарнак Иури Трутнев, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

IV Восточный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны
Абе Урыстәылеи Иапониеи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра абжьаҵара далацәажәеит

"Арҭ бжьаратә лҵшәақәоуп. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит 100 инареиҳаны уснагӡатә, алахәылацәа рхыԥхьаӡара 6002-ҩык ыҟан. Зегь раасҭа рхыԥхьаӡара рацәан китаитәи аделегациа, Аҩадатәи Кореиа ахьӡала афорум иалахәуп 12-ҩык. 2,9 триллион мааҭ рыхә иҟоу 175 проект напы рыҵаҩуп иахьазы", — иҳәеит Трутнев.

Аԥшьбатәи Мрагыларатәи аекономикатә форум ахь иааит анаплак дуқәа рнапхгаҩцәа, китаитәи амилаҭтә иадертә корпорациеи китаитәи афымцаенергетикатә корпорациеи реиԥш иҟақәоу.

"Мрагыларатәи аекономикатә форум хықәкны иамоуп урыстәылатәи арегионқәеи, аиҳарак мрагыларахаратәиқәа, азиатәи атәылақәеи русеицура аиҿкаара. Китаитәи аинвестициақәа иахьазы идыртәоит 7%. Китаи Урыстәыла Мрагыларахаратәи ахәҭаҿы ихадоу партниорны иҟоуп", — иҳәеит иара.

Мрагыларатәи аекономикатә форум аҿы ирылацәажәоит еиуеиԥшым аҩныҵҟатә зҵаарақәагьы. Цәыббра 10 рзы Владивосток имҩаԥысит аҩныҵҟатә зҵаарақәа ирызку аҳәынҭхеилак аилатәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0