Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба Адыгатәи атеатр ақәгылара иазкны: ҳажәларқәа еиҳагьы еизааигәахоит

© Sputnik Томас ТхайцукАктер Лаврик Ахба.
Актер Лаврик Ахба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адыгатәи амилаҭтә театр Аԥсны ақәгыларақәа арадио Sputnik аҟны дрылацәажәеит агастрольқәа администраторс ирымоу Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Лаврик Ахба.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Адыгатәи атеатр ақәгылара иазкны
"1984 шықәсазы уи атеатр ықәгылон Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Усҟан аполитикатә ҭагылазаашьа ҽакала иҟан, атеатр аиҳабы аҩныҟа даныгьежь лахь ирҭеит Аԥсныҟа ушԥацоз ҳәа. Иазгәасҭар сҭахуп усҟан Нхыҵ Кавказтәи атәылақәа рҟынтәи аӡәгьы итеатр шааимгацыз ҳа ҳахь. Адыгатәи атеатр аиҳабы Ҟасеи Хачигогу иҳәеит асҟак  аамҭа ҵит иахьа уажәраанӡа усҟан иҟаҵаз ашьаҿақәа ирыцҵатәуп, ҳаешьаратә жәларқәа еиҳагьы еизааигәахарц. Убри ауп еиҳарак раара ҵакыс иамоу", — иҳәеит Ахба.

Цәыббра 15 инаркны 22-нӡа Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны  имҩаԥысуеит Адыгатәи атеатр ақәгыларақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0