АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аԥсны ацәажәара зцәыцәгьоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара еиҳахеит лҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз алогопед-дефектолог Индира Кәарҷиаԥҳа.
Аҳақьым лажәақәа рыла, ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа Аҟәатәи аполиклиникаҿы иҭаҩуп ацәажәаратә уадаҩрақәа рымоуп ҳәа.
Аҭагылазаашьа ахы аанарԥшуеит ахәыҷы шықәсык инаркны быжь-шықәса рҟынӡа ихыҵаанӡа. Ахәыҷы хы-шықәса рҟынӡа ацәажәара даламгар, аҳақьымцәа хымԥада ирыдҵаалатәуп.
"Аԥсны еиҳа-еиҳа апроблема змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Аиҳарак уи зыхҟьо агенетикоуп. Нас аекологиа. Иара убас афара-чара, амгәарҭаҿы ахәыҷы иҿиара роуп. Усҟан аҵак ду амоуп ан лҭагылазаашьа", — ҳәа еиҭалҳәоит Кәарҷиа.
Алогопед иара убасгьы илҳәеит ахәыҷтәы поликлиникаҿы ишаԥҵоу асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа: афизиотерапиа, абаҩрҵәыра, амассаж, артикулиациа аус адулара, ахаҿи абзи рмассаж ҷыда.
"Арҭ аусқәа мҩаԥигоит иашьашәалоу аҵара змоу ауаҩы, ацәажәара аҿиара атәы здыруа", — лҳәеит лара.
Алогопед-дефектологцәа есышықәса Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы имҩаԥыргоит аамҭалатәи ацәажәараҿ ауадаҩра змоу ахәыҷқәа ргәаҭара.