Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

© Sputnik / Томас Тхайцукc.Аацы
c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуаа жәытә аахыс аҧсабара разааигәареи, лымкаала уи ахӡыӡаареи ирхылҵыз атрадициатә ныҳәарақәа ртәы еиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҧсы зхоу зегьы реиҧш, аҵлақәагьы ирымоуп анцәахәқәа. Аҧсуаа ҳҟны урҭ Хьӡыри Алыиашәи ҳәа ахьӡқәа рымоуп. Иарбан ҵлазаалак ианықәлоз — зымшьҭа бзиоу акәзаргьы, ицәгьоу акәзаргьы — "Хьӡыри Алыиашәи шәнапы сануп" ҳәа ҳәаны уқәлар, машәыр уақәшәом рҳәон.

Валери Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Ҩышә шықәса зхыҵуа аӡахәашьапы: аԥсуа ажь хкқәа еиҭашьақәдыргылеит

Уажәы аакьыскьанӡагьы шықәсык ахь знык абыржәааны арҭ анцәахәқәа рыхьӡала аныҳәара мҩаҧыргон. Аҵла аныҳәара мҩаҧыргон ажьҭаара ианалагози ианалгози. Уи кәырбанс ирықәырҵон ажьҭаара ианалагоз. Григори Смыр 1969 шықәсазы иҟаиҵаз анҵамҭа ишаҳәо ала, аҩнаҭаҿы иҟоу аҧҳәыс еиҳабы лоуп акәырбан зқәызҵо: “Амахә, улҧха ҳаманы иҟалозар, афатә бзиа ҟаҵаны, исылшо, рбаӷьзаргьы, шьтәазаргьы агәаҵәа шусырбо” ҳәа. Ажьҭаара иналганы аҩ-ҿа иахныҳәо ианааҟалалак ари акәырбан рықәырхуеит, анцәахә иҿаҧхьа ирҳәаз нарыгӡоит.

Даара азҿлымҳара амоуп ари аныҳәара аҩбатәи аверсиагьы. Џьоукы изларҳәо ала, аҭаацәа рыцҧхьаӡа акәакәарқәа ҟаҵаны, досу икәакәар кны ҵлак-ҵлак рҿы инеины, рарӷьа шьапы надыргыланы, "Алыҧха-агәыҧха ҳаҭ!" ҳәа иныҳәаны, иркыз ркәакәар рфон.

Аҧсуаа традициала аҵлақәа ршоит ихадоу ҩ-гәыҧкны. Актәи ахь иаҵанакуеит ауаҩы изы ибзиоу, иҧшьоу ҳәа иҧхьаӡоу аҵлақәа. Аҩбатәи ахь – зымшьҭа цәгьоу, амашәыр зқәу ҳәа зыӡбахә рҳәоз. Абасала уи анцәахәқәагьы рҽеиҩыршоит – Хьӡыр иразу нцәахәуп (бна нцәахәуп), Алыиашә – дбааҧсуп (бнауаҩуп).

Аҧсуаа ҳҟны анцәахәы дхаҵазар, адыгаа рҟны – дыҧҳәысны даарҧшуп (аҟабардақәеи ачарқьасцәеи рҟны Жиг-Гәаша лыхьӡуп, адыгеиаа рҟны Чыгы-гәаша). Уи лҭеиҭыҧшгьы аҵла асахьа амоуп: лмаҟҿаҳәара нахыс дыҵлоуп, уи аҩахыс ахьи араӡни ирылху ҧҳәыс ҧшӡоуп. Ҭыҧ гыларҭасгьы иалхны илымоуп амшын аҧшаҳәа. Аҧсуаа рҿынгьы ирҳәоит урҭ гыларҭас иахьрымоу аӡиасқәа рхықәан ауп ҳәа.

Иҧшьоу аҵлақәа рахь (Хьӡыр иҵлақәа) иҧхьаӡоу иреиуоуп: аҭәа, араса, ара, ахьаца, аа, ажа, ахәажә, алакәымҳа, ашә, алаҳа, аҵәа, аҳа. Лили Акаба лусумҭақәак рҿы ишазгәалҭо ала, алаҳа аҵлақәа ирҧааимбаруп ҳәа иршьон, аҵәа – џьанаҭ ҵлоуп ҳәа. Арҭ аҵлақәа аҩны ааигәара еиҭарҳауан имшуп ҳәа.

Ауаҩы иҧырхагоуп, амашәырқәа ацуп, анасыҧдара иазҳәоуп хәа иҧхьаӡаны ирыман аҷандар-ҵла, убри аҟнытә уи аҩны ааигәара иазҳауазар, иҵырҟааны иҧырҟон ашьаҭагьы аанымхартә еиҧш. Аҷандар амацәыс аднагалоит ҳәа иазгәаҭан ирымоуп аҧсуаа. Ари аҩыза азгәаҭара рымоуп хылҵшьҭрала иаҳзааигәоу ҳаешьаратә жәларгьы – абазақәа рҟны. Урҭ рҳәамҭақәак ишырҳәо ала, аҷандар абас аҳәозаап: “Сара саууп, анцәа иҟынӡа снаӡоит, анцәа амацәыс лаишьҭыртә иҟасҵоит”.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Валери Бигәаа: ацуныҳәа - аамҭа аныҳәоуп, рашәара бзиа ианыҵслак имҩаԥыргоит

Адыд-мацәыс уҟәнагоит ҳәа аҩны ааигәара еиҭарҳауаз иреиуоуп ахьаца-ҵла. Измаҳац ыҟамзар ҟалап Анцәа иан д-Хьациаҧҳауп ҳәа ари аҵла дшадыркыло. Уи амахәгьы аҩны аргылараҿ иагәыларҵон адыд адагьы алаҧш цәгьагьы ахнарҧоит ҳәа. Иара убас џьара ианцозгьы уи амахәҵә хәыҷы рџьыба иҭаҵаны иныҟәыргон.

Зегь реиҳа иалкааны аҧсуаа иахьа уажәраанӡагьы ирымоуп аџь-ҵла. Аха ари аҵла азнеишьа ҩбаны аҽашоит: уи аҿы инеины ишныҳәо еиҧш, иагьышәииуеит – ауаҩы ӷәӷәала акы дазгәаар. Мамзаргьы ӷьычрак, ма даҽа цәгьарак ҟаиҵеит ҳәа ргәы иззанаго ауаҩы ари аҵлаҿы днаганы ддырқәуеит – ас еиҧш иҟоу ақәра зегь раасҭа иӷәӷәоу қәроуп (ажьираҿы ақәра аасҭагьы) ҳәа иҧхьаӡоуп. Амц ҳәаны дшәииргьы иара иахь ихынҳәуеит.

Ирҳәоит Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан иҟан “Бармышь аџь” ҳәа изышьҭаз. Уи амҵан ажәла моу, ацуҭа зегьы реизарақәа мҩаҧыргон. Иахьа идырӡхьеит, аха ааигәанӡагьы Азахәбақәа (Зыхәба) рныҳәарақәа ианагь аџь-ҵла амҵан имҩаҧыргон.

Аҵарауаҩ Лили Акаба ишалырбо ала, урҭ аџь ахьӡала иршьуан ақыжә: иара аҵла амҵан инаганы ашьа карҭәон, уа ацәа ахыхны еиҿырхуан, амца еиқәҵаны акәац ржәуан, аҳәсагьы ахәажәақәа иара убра иржәуан. Аныҳәара иахәҭоу аназдырхиалак ашьҭахь, зегьы амрагыларахь рхы рханы игылон, ахаҵа быргк даалҵны дныҳәон. Ас еиҧш аныҳәара мҩаҧыргон иара убас Гәымаа (Гәымба) ҳәа лара абри аҵарауаҩ илыҩуеит. Абас еиҧш џьоукы ари аҵла ныхахәыс ирымоуп, даҽа џьоукы уи амҵагылара акәым, иацәшәаны ааигәарагьы инеиуам, уимоу рахәгьы-шәахәгьы уи ааигәара инарышьҭуам. Иахьа неилых ҟамҵакәа ирбо зегьы мҿыс рхы иадырхәоит, аха ажәытә ари аҵла убас иазыҟан, амахәгьы хырҵәомызт, амцагьы иақәырҵомызт уарчмазыҩуеит ҳәа иҧхьаӡаны.

Иалкааны иазгәаҳҭар ҳҭахуп даҽа иҧшьоу аҵлакгьы – араса. Арасатәы лаба хархәара амоуп шамахамзар аныҳәарақәа зегь рыҟны. Уи иршьуа ашьтәа агәи агәаҵәеи ахаҵаны иныҳәоит. Аҧсуаа ажәаны ирҳәоит: "Быжьҩык аҩызцәа умазар аиҳа, арасатәы лаба уманы уныҟәозар, еиҳа уахьчоит" ҳәа. Иара убас ирҳәоит даҽакгьы: "Араса — ҧааимбар цырҟьоуп".

Ауаҩы изы ибзиам, зымшьҭа бааҧсу ҵлақәоуп (Алыиашә иҵлақәа) ҳәа иҧхьаӡоуп аӷш, аҧслыш, аца.

Иаҳҳәап, аца еиҭарҳауазаргьы аҩны иацәыхараны, абаҳча аҵыхәахь иҟарҵон. Зынӡагьы ииашахаӡом иахьа арҭ азгәаҭарақәа зегьы ҳаамҭазтәи аҿатә уаа ари мифологиатә дунеихәаҧшроуп ҳәа хьаас имкыкәа иазнеилар.

Аҧсуаа аҧсабара еснагь еиҷаҳауан, иацклаҧшуан. Амҿыҧҟара илҵуазаргьы ирымҧыхьашәалак хырҵәомызт. Ирдыруан ргәабзиара иазеиӷьыз, иазеицәаз аҵиаақәа. Иҟан урҭ рышьаҭақәа рыла ахәшәқәа злырхуазгьы. Аҧсабара ахӡыӡаара аамҭақәа зегьы иртәу усны иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0