АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Дмитри Медведев Валери Бганба идиныҳәалеит Аԥсны Аԥыза-министрс иҟалара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Урыстәылеи Аԥсни агәылеимабзиаратәи, аиҩызаратәи, аилахәыратәи еизыҟазаашьақәа еидыркылоит. Агәра згоит аиҳабыра рганахь ала ахәаахәҭра-инвистициатәи, анаука-техникатәи, агуманитартәи еимадарақәа рҽышдырҭбаауа, апроект дуқәа реицымҩаԥгара ҳтәылақәа рыҩбагь ринтересқәа ишрықәшәо", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уаанӡатәи Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа машәырла дҭахеит цәыббра 8 рзы.
Валери Бганба диит цәыббра 26 1953 шықәса рзы Гагра араион Бзыбь ақыҭаҿ. 1971 шықәса рзы Ҟәыбантәи ақыҭанхамҩатә институт дҭалеит, далгеит 1976 шықәса рзы.
1976 — 1978 шш. рзы – Чечено-Ингуштәи АССРасовхоз "Гардалинский" агроном.
1978-1979шш. – Гагратәи ақалақьтә исполком ақыҭанхамҩа аусбарҭа агроном.
1979ш. рзы – Гагратәи акомҿареидгыла ақалақьтә комитет аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ.
1982ш. рзы – Гагра КПСС ақалақьтә комитет ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы.
1989ш. рзы – Гагра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы.
1991 — 1997 шш. рзы Валери Бганба — Аԥсны Апарламент адепутат.
1998ш. рзы– Гагра араион аизара ахантәаҩы.
2002 — 2006 шш. рзы – Гагра араион Ахада.
2007 — 2012 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутат.
2012 ш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аиҳабы.
2014 ш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа неигӡон.