Приморское ақыҭан ауаҩы амшын дагеит

© Sputnik / Илона ХварцкияСмотр техники и снаряжения МЧС Абхазии на площади Свободы
Смотр техники и снаряжения МЧС Абхазии на площади Свободы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приморское ақыҭан идырым ахаҵа амшын дагеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟаҵан аԥшьаша, цәыббра 20, асааҭ 13:50 рзы.

АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Приморское ақыҭан амшын дагеит 1958 шықәса рзы ииз Гурам Адамиа ҳәа ҳкорреспондент адырра ииҭеит Аԥсны АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Мизан Ломиа.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит Аԥсны АҶА зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа.

"Хәбаҟа минуҭ ракәын аԥшаарақәа ахьымҩаԥысуаз. Иӡааҟәрылаз Гурам Адамиа иԥсыбаҩ ҳаԥшааит", — иҳәеит Мизан Ломиа.

Гурам Адамиа Приморское ақыҭаҟны дынхон.

Ажәабжьқәа зегьы
0