Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: ҳаԥсыргьы ҳанхаргьы, Аҟәаҟа ицоз амҩаду ауҳажьуамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Квициния
Беслан Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭаратәи абаталион адҵаҟаҵаҩ, Аԥсны афырхаҵа Беслан Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҟны аӷацәа Аԥсны ралцаразы аҵыхәтәантәи ажәылара дазааҭгылеит.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәыҵниа аҵыхәтәантәи ажәылара иазкны
"Мераб Кьышьмариа дсыԥхьаны адҵа сиҭахьан ажәылара ҳалагарц Аҭара ала. Тамшьгьы амҩақәа ааныркылахьан, аха Кәыдры ацҳа ҳҭахын. Ҳамчқәа еизырханы, ҳаԥсыргьы ҳанхаргьы Аҟәаҟәа амҩаду ауҳажьӡом, ҳаҳҭнықалакь ргаанӡа ҳәа ҳҽазыҟаҵан ҳаҟан. Атехника Мрагыларатәи афронт аҟны иҳамаз атанкқәа, абзарбзанқәа, "Град", зегьы Аҭараҟа ииаган. Сентиабр 16 асааҭ ԥшьба рзы ажәылара ҳалагеит, ҭҟәарчалаа ҳацын, Аӡҩыбжьааи ҳареи аханатә ҳаицын, ҩ-баталионк ыҟан, аказакцәа ргәыԥ Худои инапхгарала. Ақырҭцәа ҳаирпланла иаауаз зымтәартә еиԥш "Град" ықәыргыланы иҳаман. Атрасса ҳгарц азы Аҳалдаба гатәын. Ҳбаталион аҟынтәи ротак Аҳалдаба иажәлон, Адгәыр Какоба напхгара зиҭоз ахԥатәи арота Очамчырантәи иаауаз амҩаду ркын Дача ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥан. Амшын аҿықәахьала иаауаз амҩа ркын Адгәыр Кәыҵниа игәыԥ. Даҽа гәыԥк Аӡҩыбжьа ацҳахь ишьҭын. Аибашьра зыгьынџьара иӷәӷәан, аха атанктә баталион иаауаз, Очамчыреи Аҟәеи еидызкылоз амҩаду аҟны итәаз аԥхьа ирықәшәон. Мышкы аа-танкк наҳкылеит", — иҳәеит Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0