АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ ахараԥса иқәырҵеит аурыс-аԥсуа ҳәа тәылауаҩшәҟәыда дахысырц дахьаҿыз азы ҳәа аанацҳауеит "Кубанские новости" Краснодартәи атәылаҿацә УФСБ адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны ахаҵа ихатәы автомашьынала дахысырц игәҭакын, аха аҳәаахьчаҩцәа уи атәылауаҩшәҟәы шимамыз шьақәдыргылеит.
"Атәылауаҩ иҳәеит идокументқәа абылтәыҭаҭәарҭаҿы исхашҭит ҳәа", — аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҳәаахьчаҩцәа иара ихаҭара шьақәдыргылеит. Сааҭқәак рышьҭахь иԥшәмаԥҳәыс атәылауаҩшәҟәы лыманы днеиит аҳәаахь.