Тхеквандо азы аԥснытәи акоманда аԥыжәара агеит

© Фото : Тимур БарцицКоманда из Абхазии заняла второе место на первенстве по тхэквандо в Сочи
Команда из Абхазии заняла второе место на первенстве по тхэквандо в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь аҿы тхеквондо азы Иаарту ақалақь аҧхьахәгара мҩаҧысит. Ари аспорттә усмҩаҧгатә рхы аладырхәит Краснодартәи атәылаҿацә аклубқәеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи х-командаки.

АҞӘА, цәыббра 26— Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Иаарту Шәача ақалақь аҧхьахәгара аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Краснодартәи атәылаҿацә аклубқәеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи х-командак ҳәа ааицҳаит азыҟаҵаҩ Ҭемыр Барцыц.

"Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, хаҭалатәи акапантә категориақәа рҿы "Аҧсны акоманда актәи аҭыҧқәа 15, аҩбатәи-7, ахҧатәи-3 ааннакылеит. Аҧснытәи акоманда акомандатә зшьа аҿы аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит. Акоманда ҭабуп ҳәа иарҳәоит тхеквандо азы Аԥсны афедерациа апрезидент Оҭар Гогәуа", — иҳәеит Барцыц.

Аспортсменцәа азыҟарҵоит — Ҭемыр Барцыц, Ныгәзар Торчинаа, Саида Гәынба.

Аиндаҭлара мҩаԥысуан Шәача, цәыббра 23 рзы.

© Фото : Тимур БарцицКоманда из Абхазии заняла второе место на первенстве по тхэквандо в Сочи
Команда из Абхазии заняла второе место на первенстве по тхэквандо в Сочи - Sputnik Аҧсны
Команда из Абхазии заняла второе место на первенстве по тхэквандо в Сочи
Ажәабжьқәа зегьы
0