АҞӘА, цәыббра 27— Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думаҿ апроек ахԥатәи аԥхьарала атәанчаратә системахь Владимир Путин ириашарақәа рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Уаанӡа аԥсахрақәа ирылацәажәахьан аҩбатәи аԥхьараан.
Аԥсахрақәа рзы рыбжьы рҭиит 332 депутат, уи мап ацәыркит 83-ҩык адепутатцәа. Атәыла ахада ариашарақәа жәба алеигалеит апроект ахь.
Адепутатцәа иара убасгьы ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит "Единая Россия" ажәалагалақәа: аус зымуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы аиндексациа азуразы.
Ԥхынгәымзазы Аҳәынҭқарратә дуамҿ актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аиҳабыратә закәан апроект. Иара инақәыршәаны атәанчарахьы ицо рышықәс иацҵахон: ахацәа рзы – 65 шықәса, аҳәса рзы – 63 шықәса.
Аха нанҳәа анҵәамҭазы Владимир Путин арҭ аӡбрақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит.
Путин иажәақәа рыла, аҳәса ртәанчаратә шықәса 60 еиҳамзароуп, иара убасгьы ахшара рацәа змоу анацәа заанаҵы атәанчара рцара еиҿкаатәуп. Уи адагьы атәанчаратә шықәс аламҭалаз ауаа аусура рамхраз административтә ҭакԥхықәра иаҵаргылатәуп аусураҭаҩцәа.
Афедерациа Ахеилак атәанчаратә закәанԥҵара ариашарақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп иааиуа реилатәараан, жьҭаара 3 рзы.
Аԥыза-министр Дмитри Медведев иазгәеиҭеит ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа иахадыршәало аԥара атәанчахәы аизырҳара иазырхахоит ҳәа.
"Ҽааны, ажьырныҳәа 1 инаркны атәанчахәы есышықәса зқьы-зықьмааҭ ацҵахоит. Убас, 2024 шықәса рзы атәанчахәы 20 000 мааҭ рҟынӡа ихалоит", — иҳәеит иара.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думаҿ апроек ахԥатәи аԥхьарала атәанчаратә системахь Владимир Путин ириашарақәа рыдыркылеит.