АҞӘА, цәыббра 28— Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ иалацәажәеит ахәынҭқарратә бызшәа ачынуаа рдырра аҩаӡара азҵаара. "Ачынуааи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рҟны аус зуа ахаҿқәеи амилаҭтә бызшәа ахьынӡардыруеи дара рзы аҳәынҭқарратә бызшәа аҵара амҩаԥгара алыршарази аԥҟара" рыдыркылеит аилатәараҿы.
"2007 шықәса рзы ирыдкылан "Аҳәынҭқарратә бызшәазы" азакәан, аха иара аус азымуит азы уажәы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара рыдыркылеит. Уи инақәыршәаны абри аԥҟара аус адулоуп", — иҳәеит абызшәатә политиказы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Баҭал Хагәышь.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапы зҵеиҩыз адҵа инақәыршәаны, аилак атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҿы еиҿнакаароуп аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа. Акурсқәа аԥҵахоит аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рзы хәыда-ԥсада.