Даур Ақаҩба иаҭак: акырҭқәеи ҳареи ҳаицџьынџьуаам

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Ақаҩба
Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе, ООН Ассамблеиа хадаҿы дықәгыло аԥсуааи ауаԥсқәеи "сџьынџьуаа" ҳәа рзиҳәеит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр уи ахҳәаа азиуит.

АҞӘА, цәыббра 28— Sputnik. Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе аԥсуааи, ауаԥсқәеи, ақырҭцәеи еиԥшым атәылақәа ишыртәылауаау игәалаиршәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости ахәаша, цәыббра 28 рзы.

"Апатын аԥыза-министри Қырҭтәыла иҟоу егьырҭ анапхгаҩцәеи ирхашҭуеит ҳара ҳшеицџьынџьуаам. Ҳара дасу ҳхатәы ҳәынҭқаррақәа ҳамоуп. Тәылак ҳаицалымҵӡеит", — ҳәа ахҳәаа ҟаиҵеит Даур Ақаҩба урыстәылатәи амаҵзура аинтервиу аҭо.

Глава МИД Даур Кове - Sputnik Аҧсны
Ақаҩба: аоккупациа зызу Қырҭтәыла аҵакырақәа ҳәа акгьы ыҟаӡам

Иара убри аан Ақаҩба ақырҭуа ԥыза-министр аԥсуааи ауаԥсқәеи хәыда-ԥсада Қырҭтәыла рҽырхәышәтәралци визада Евроеидгылаҟа рцара алшарци иҟаиҵо ажәалагалақәа рыгәра игом.

"Ҳара еснагь иаҳҳәо акоуп – ақырҭцәа аԥсуааи ауаԥсцәеи бзианы инхарц рҭахызар раԥхьа иргыланы иҟарҵаша, урҭ адунеи ажәларқәа рылкаара иаҟәыҵроуп", иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Ақаҩба иара убасгьы иазгәеиҭеит қырҭтәыла иахьазы аус зуа аоккупациатә ҵакырақәа рзы азакәан еиҭахәаԥшыр шакәу, уи Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара ахьыԥнакуазы.

Аминистр иажәақәа рыла, ақырҭуа политикцәа ражәақәа популизм ҟазшьоуп ирымоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0