Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа: Кәыдры аҩ-фронтк ҳанеиқәшәа, аԥхьаҟа ҳаанызкылоз мчы ыҟамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукВладислав Габния
Владислав Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа Кәыдры ацҳаҟны реиқәшәара атәы арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит атанк 01 арныҟәцаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Владислав Габниа.

"Аԥсны жәлар зегьы Аиааира амш рыдысныҳәалоит, хашҭра зқәым мшуп. Сганахьла Анцәа дысзылԥхеит ҳәа сыԥхьаӡоит ари аҭоурых сахьалахәхаз. Уи ҳахәда иқәымҳазҭгьы, ҳара иҟаҳамҵазҭгьы, ҳхәыҷқәеи ҳмаҭацәеи ирықәшәон. Анцәа имчала ҳманшәаланы ҳалҵит.

"Аибашьра иалахәыз, ихыҭҳәаам ахҭысқәа": Габниа Кәыдры афронтқәа реиқәшәара атәы

Аҭоурых салалом, аҵыхәтәантәи ажәылара Гәыма ала еиҿкаан, аԥсҭбарақәа рацәаны иацын. Ҳара Кәтышьха ҳгылан, ацҳа ҳахьчон. Адҵа анҳау, Аҟәа ҳалалеит. Исгәалашәоит Кьалашәыр ҳнеиуан еиԥш ҳааныркылеит. Ванџьашь командаҟаҵаҩс дыҟан, сара арныҟәцаҩс сыҟан, Ладариа — ахысыҩс, абџьар еиҵеиҵон Беслан Наҟәаԥиа. Ванџьашь данырхә Кьалашәыр, Наҟәаԥиа ихаҭыԥан дҟаҳҵеит. Ауниверситет ахь уахьхало аԥацха ыҟан. Убри аҩадахьы ҳхалеит. Амшын аҟны аӷба дуқәа ԥшьба иҭәны игылан, ажәлар ргон. Иара убас аурысцәа рдесанттә ӷбагьы рыдгылан. Адҵа ҳарҭеит аӷбақәа шәырмеихскәа ишәыршәа, рус дырццакырц, ҳаиҵадырхоит ҳәа. Уаантәи 28 рзы ауха Маҷарка ҳнеит. Ашьыжьымҭан сентиабр 29 рзы Кәыдры ҳаиқәшәеит, уаантәи Мрагыларатәи ари ҳареи Очамчыра аганахь ҳдәықәлеит, ҳаанызкылозгьы мчы ыҟамызт, ҳанеиԥыла убас ҳаӷәӷәахеит", —  ихәеит Габниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0