Очамчыра иаартын Мрагыларатәи афронт аҿы иҭахаз аибашьцәа рыхьӡ зху абаҟа

© Фото : Пресс-служба ПрезидентаЦеремония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии
Церемония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт аҿы иҭахаз аибашьцәа рыхьӡ зху абаҟа аартын Очамчыра ақалақь агәҭаны. Абаҟа аартра мҩаԥган Аиааира 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Абаҟа аадыртит Аԥсны Афырхацәа Виачеслав Қәычбериеи Владимир Ануеи. Аныҳәа иаҭааит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Алада-Уаԥстәыла Ареспублика ахада Анатоли Бибилов, Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа. Апрограмма хацыркын ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ала. Иара убас Очамчыра араионтә школқәа алархәны имҩаԥган "Ԥсра зқәым архәҭа" захьӡу акциа.

© Фото : Пресс-служба ПрезидентаЦеремония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии
Церемония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии - Sputnik Аҧсны
Церемония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии

Анаҩс ажәа рыҭан ҩ-тәылак рхадацәа. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит Аиааира амш.

"Ибзианы издыруеит очамчыраа ари абаҟа аргылара заҟа иазыԥшыз. Иара, хымԥада, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара иасимволны иҟазаауеит", — иҳәеит иара.

Алада-Уаԥстәыла Ареспублика ахада Анатоли Бибилов дахцәажәеит аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан иаарԥшыз аидгылара.

"Ииашоуп, аамҭа хьанҭақәа раан иҟалеит аԥсуаа ирывагылашаз рашьцәа. Аха урҭ амыхәар ҟаларын, хадаратәла аԥсуаа агәымшәара дуи аԥсадгьыл абзиабареи аадмырԥшызҭгьы", — иҳәеит иара.

© Фото : Пресс-служба ПрезидентаЦеремония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии
Церемония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии - Sputnik Аҧсны
Церемония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии

Аофициалтә хәҭа анхыркәшаха ииасит алахҿыхратә ҟазшьа змаз ахәҭахьы: еизаз рзы еиҿкаан аныҳәатә концерт. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Вионор Логуа напхгара зиҭо акәашаратә гәыԥ "Ерцахә", амҩаԥгаҩ-ашәаҳәаҩы Нарсоу Абыхәба, Очамчыра ақәыԥшцәа рыҩнаҿы еиҿкаау ахәыҷтәы кәашаратә гәыԥ. Иара убас дыҟан Алада-Уаԥстәылантәи асас ҷыда, ашәаҳәаҩ Ибрагим Џьеоев. Иара инаигӡеит ҩашәак. Урҭ иреиуан ҳара ҳҿгьы аӡәырҩы ҿырҳәала ирҵахьо ашәа "Ацәашьқәа ашәыркы". Ибрагим иқәгылара Очамчыратәи ахәаԥшҩгьы гәахәарыла идикылеит.

© Фото : Пресс-служба ПрезидентаЦеремония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии
Церемония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии - Sputnik Аҧсны
Церемония открытия в Очамчыре памятника погибшим в Отечественной войне народа Абхазии

2011 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҿы игылаз абаҟа аиҭашьақәыргыларазы 20 миллион мааҭ зҵазкуаз асмета шьақәыргылан. Усҟан аибашьра аветеранцәа еизан иҭахаз рыхьӡала игылаз абаҟа ҽеиӡам ҳәа азыԥхьаӡаны абаҟа рыԥсахырц рыӡбеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа аанкылан 2013 шықәсазы аԥара ахьазоужьымыз иахҟьаны.

2017 шықәсазы аусурақәа еиҭахацыркын, зынӡа абаҟа аргылара иақәырӡын 12 миллион мааҭ. Абаҟа аартра мҩаԥган Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәса ахаҵра азгәаҭара аламҭалазы. Абаҟа автор- асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0