"Ԥсра зқәым архәҭа" Ахақәиҭра ашҭа иқәсит

© Sputnik"Бессмертный полк"
Бессмертный полк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" иалахәуп 1500-ҩык инарзынаԥшуа ареспублика ауааԥсыра.

АҞӘА, цәыббра 30 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиааира 25-шықәса ахыҵра амш аҽны имҩаԥысуеит Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа".

Торжественное шествие ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов началось на площади Свободы в честь 25-летия Победы в ОВНА. - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Ахақәиҭра ашҭа иқәсит

Акциа алахәылацәа еизеит ашьыжь, асааҭ 10:00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Асааҭ 11:00 рзы аколонна Аидгылара амҩа ианысны инеиит Ахьӡ-аԥша апарк ахь ашәҭқәа рышьҭаҵаразы.

Агәалашәаратә акциа иалахәуп иҭахаз рыуацәа рҭынхацәа. Зынӡа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" иалахәуп 1500-ҩык инарзынаԥшуа ареспублика ауааԥсыра.

Хынтәуп Аԥсны абри аҩыза акциа мҩаԥыргоижьҭеи. Уаанӡа иара мҩаԥысит ареспублика егьырҭ араионқәеи ақалақьқәеи рҿы.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿ иҭахеит 3,5 нызқьҩык инареиҳаны, хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.

Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ҩ-нызқьҩык рҟынтәи 51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәараз" амедалқәа ранашьоуп. Аибашьраан иҭахеит 260-ҩык аибашьцәа.Аиааиреи Ахьыԥшымреи 25-шықәса анырхыҵуа амш аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым агәалашәаратә уснагӡатәқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0