АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik. НАТО аҳәамҭа ҟанаҵеит Македониа ахьӡ ԥсахны (Аҩадатәи Македониа) аилазаарахь иаднакылар шалшо азы. Абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит НАТО иҟоу ЕАШ ахаҭарнак Кеи Беили Хатчисон, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара агәахәара ҳнаҭоит ареферендум аҿы зыбжьы зҭииз 90% "НАТО алаларази атәыла ахьӡ аԥсахрази" рыбжьы ахьырҭииз. Ҳара ҳазыхиоуп Македониа ахьӡ ԥсахны аилазаарахь адкылара", — лҳәеит НАТО иҟоу ЕАШ ахаҭарнак Кеи Беили Хатчисон.
Рашәарамза 17 азы Бырзентәылеи Ареспублика Македониеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Скопье НАТО ахь амҩа ылнахуеит. Аганқәа еицеиқәшаҳаҭхеит ареспублика, Аҩадатәи апреспублика Македониа ахьӡызаарц.