Урыстәыла атәылауаҩ иԥҳәыс дылцәыбналан Аԥсныҟа даауан

© Sputnik / Томас ТхайцукГраница
Граница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апаспорттә хылаԥшра аушьҭырҭатә ҭыԥ "Псоу" аҟны 41-шықәса зхыҵуа ахаҵа идокументқәа агәыҩбара рызцәырнагеит аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа.

АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik. Аҳәаахьчаҩцәа иааныркылаз ахаҵа иҳәеит иԥҳәыс иҽлыцәӡаны Аԥсныҟа аара шиҭахыз. Абри атәы аанацҳауеит "Кубанские Новости".

"Апаспорттә хылаԥшра аушьҭырҭатә ҭыԥ "Псоу" аҟны 41-шықәса зхыҵуа ахаҵа идокументқәа агәыҩбара рызцәырнагеит аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа. Апаспорт цқьа иангәарҭа ишьақәыргылахеит иара абри ахаҵа иашьа ишитәыз. Ахаҵа ишиҳәаз ала иԥҳәыс иҽлыцәӡаны Аԥсныҟа аара игәҭакын", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Асеиԥш аумҭа иахҟьаны иара хә-нызқьмааҭ ахараԥса иқәҵаны шьҭахьҟа ддыргьыжьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0