Чечнеи Ингәыштәылеи рҵакырадгьыл еимакқәа рҭышәныртәалараз ареферендум мҩаԥгахоит

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрка "Аланские ворота" при въезде в город Магас.
Арка Аланские ворота при въезде в город Магас. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Ингәыштәыла аҳҭнықалақь Магас имҩаԥысуеит амитингқәа.

АҞӘА, жьҭаара 4— Sputnik. Ингуштәыла Аконституциатә ӡбарҭаҿы аҳәамҭа ҟарҵеит Ингәыштәылеи Чечнеи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаазы аиқәшаҳаҭра арегионалтә референдум ашьҭахь шакәу ашьақәырӷәӷәара аналшо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥшьаша, арегионқәа рыҩба рпарламентарицәа аҳәааз аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит, аха Ингәыштәыла Аконституциатә ӡбарҭаҿы аҳәамҭа ҟарҵеит Ингәыштәылеи Чечнеи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаазы аиқәшаҳаҭра арегионалтә референдум ашьҭахь шакәу ашьақәырӷәӷәара аиур аналшо.

Православная церковь Архангела Михаила на проспекте имени Ахмата Кадырова в Грозном. - Sputnik Аҧсны
Ҟарачы-Черқьесски Чечентәылеи аҳәаанырцәтәи рџьынџьуаа рыдкылара иазыԥшуп

Аконституциатә ӡбарҭаҿы иазгәарҭеит, атәыла аконституциа ахәҭаҷ 111 инақәыршәаны, арегионқәа рыбжьара аҳәаа аԥсахра азҵаара ӡбатәуп афедералтә закәани ареспублика азакәани инарықәыршәаны, насгьы абри аганахь ала ауааԥсыра ргәаанагара азыԥхьагәаҭаны ҳәа.

"Ареферендум ахь икылыргоит ареспублика астатус, ахьӡ аиҭакра, аиҟәшара ма аҽа регионк адҵара, аҵакыра аԥсахра, ма аҳәаа аԥсахра рызҵаарақәа, Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны", — рҳәеит аконституциатә ӡбарҭаҿы.

Аиқәшаҳаҭра мап ацәкразы иқәгыло рахь днеиит Ингәыштәи ареспублика ахада.

1990-шықәса раахыс изныкымкәа иқәгылахьеит Чечнеи Ингәыштәылеи рҳәаа азҵаара.

1993 шықәса рзы Чечниеи Ингушетиеи рхадацәа Джохар Дудаеви Руслан Аушеви аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Сунжатәи араион, аиланхарҭақәа Серноводски Ассиновскаеи аалхны Ингәыштәылахь ииасырц.

Цәыббрамзазы Ингушетиа ахада Иунус-Бек Евкурови Чечниа ахада Рамзан Кадырови рнапы аҵарҩит ррегионқәа рыбжьара аҳәаа ҳәааәқызҵо аиқәшәаҳаҭра. Иара иазыԥхьагәанаҭеит еиҟараны аҵакырақәа реиҭныԥсахлара.

Ажәабжьқәа зегьы
0