Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа: есымза аӡәы идамхаргьы аԥсуа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дхынҳәуа иаҳзыҟамҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГлава Очамчирского района Хрипс Джопуа
Глава Очамчирского района Хрипс Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны инхои анҭыҵ иҟоу ҳауаажәлари убри ааҟара еимадазароуп, мызкы ахь аӡәы идамхаргьы Аԥсныҟа нхара диасыртә еиԥш, абас игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ԥасатәи анапхгаҩы Хьрыԥс Џьопуа.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Џьопуа зыԥсадгьыл иазыхынҳәыша ҳџьынџьуаа ирызкны

"Зыԥсадгьыл иацәыӡны иҟаз идгьыл ахь даныхынҳәуа ҳџьынџьуаҩ ҳәа иаҳәара зегьы иреиӷьуп. Егьыс аԥҟарақәа инарықәыршәаны хәышықәса арепатриант истатус ыҟоуп. Абри аамҭа иалагӡаны ихынҳәыз ауаҩы дшьақәгылароуп иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны. Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, Ҭырқәтәылеи иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәа, ҳинтеллегенциа зегьы ари азҵаара аус адырулозароуп. Ҩныҵҟала ишаадыруагьы, хымԥада, ари аԥсҭазаара иҳазцәырнаго ауадаҩрақәа ирыхҟьаны, урҭ хазы иргыланы акәымкәа ҳажәлар ирышьагәыҭны, ҳҳәынҭқарра аҿиараҿы иҳымԥадатәиу, зыда ԥсыхәа ыҟам зҵаараны ҳахәаԥшуазароуп есымша. Иара азҵаара аӡмыжь иаҩызоуп, даара уагәылаланы уцароуп, нас хәыҷы-ҳәыҷ ухынҳәыроуп. Зегь раԥхьа иргыланы ауаҩы дшьақәгыларц азы иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы ауадаҩрақәа ихигоит. Аха зегь раԥхьа ҳхаҿы игылазароуп ҳахьыҟазаалак жәларык шҳакәу, ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл зегьы иаҳзеиԥшу дгьылуп, ҳажәлар араҟа ишьақәгылартә еиԥш ахәыцшьеи аныҟәашәеи ҳамазароуп. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихьаԥшыртә еиԥш аҟаҵара зегь рацкьыс иуадаҩу усуп. Аҽырԥшӡара ҳаҟәыҵны ҳаиҿцаара иазку хаҭалатәи ашьаҿақәа ҟаҵатәуп, Аԥсны инхои анҭыҵ иҟоу ҳауаажәлари убриаҟара еимадазароуп, мызкы ахь аӡәы идамхаргьы Аԥсныҟа диасуеит нхара ҳәа даргьы аус руроуп, ҳаргьы уи даауеит ҳәа ҳҽазыҟаҳҵозароуп. Абри ауп иаҳзыҟамҵаз, иуадаҩугьы абри ауп", — иҳәеит Џьопуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0