Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жьиԥҳа "Ахьтәы ҭагалан-2018" иазкны: аԥсуа стенд гьама ҳаракыла еиҿкаауп

© Фото : предоставлено Алиной ЖибаАльбина Жиба
Альбина Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва иаатит агро-ааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018". Аԥсны астенд шеиҿкаау, аҭааҩцәа еиҳа изызҿлымҳау атәы арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа изеиҭалҳәеит Москва инхо Sputnik аусзуҩы Алина Жьиԥҳа.
Жьиԥҳа "Ахьтәы ҭагалан" иазкны: аԥсуа стенд гьама ҳаракыла еиҿкаауп

"Аҳәынҭқаррақәа иалахәу акыр ирацәоуп, ауаагьы узрылымсуа ирацәоуп. Ҳастенд гьама ҳаракыла еиҿкаауп. Аалыҵқәа рықәҵашьа, рықәыргылашьа даара иаҵклаԥшны иҟаҵоуп. Акызаҵәык сгәы еихьызшьыз, ашәыри ауҭраҭыхи уи аҟара иахьаарԥшымыз ауп. Егьырҭ атәылақәеи Урыстәыла атәылаҿацәқәеи сызвысуаз рҟны избон рҟабқәа, рџыш, рџьымшьы, рышәха дуқәа зҳәаз еиԥш. Сара аҭааҩык лаҳасабала, убарҭ зегьы ҳа ҳҟынгьы иқәзар сҭахын, Аԥсны абрақьаҭра зегь рыла иаарԥшызарц. Егьыс, ауаа рацәа адеизалон ҳастенд, уи угәы иамыхәар залшом. Амандарина бзианы иргон, аҩқәа ирыдҵаалон, ирыхәҳар рылшон", — ҳәа азгәалҭеит Алина Жьиԥҳа.

Агро-ааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан — 2018" аатит Москва >>

Ажәабжьқәа зегьы
0